Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аџьба ауааԥсыра анхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы: аҭакԥхықәра зду ҳминистрра ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Аџьба
Руслан Аџьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра анхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы апрограммала арзаҳалқәа ралаҵареи урҭ ралԥшаареи шымҩаԥысуа атәы Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәаразы аминистр Руслан Аџьба.
Аџьба ауааԥсыра анхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы: аҭакԥхықәра зду ҳминистрроуп

"Аҳәынҭқарратә программа излаҳәо ала ҳара ҳминистрра аҭакԥхықәра зду анагӡаратә орган ҳәа иԥхьаӡоуп. Арзаҳал зыҩуа зегьы ҳара ҳҿы иааиуеит. Ашәҟәқәа еиқәдыршәаша раҳҳәоит, урҭ анымазеихалак, арзаҳал рыҩуеит, иаларҵоит. Анаҩс ҳара ҳминистрра шәҟәыла еиқәыршәаны Аминистрцәа Реилазаара рыӡбарала еиқәдыршәаз акомиссиахь инаҳашьҭуеит. Иара иалахәуп 11-ҩык: Аԥсны Жәлар Реизара, Аминистрцәа Реилазаара, атәыла ахада иусбарҭа, аиустициа аминистрра, ҳара ҳхаҭарнакцәа, иара убас ауаажәларратә хеилакқәа рхаҭарнакцәа. Апрограмма инақәыршәаны акомиссиа ишаӡбаз ауп анаҩс ҳара аҭакԥхықәра зду усбарҭак аҳасабала аусмҩаԥгатәқәа шымҩаԥааго. Акомиссиа аӡбамҭа анрыдыркылалак ашьҭахь, ҳара ацхыраара ҟаҳҵоит", – иҳәеит Аџьба.   

Ацхыраара зауа хаҭала аԥара иаҳҭаӡом, иара ихала дцаны иқәнаго анхарҭатә ҭыԥ иԥшаауеит ҳәа азгәеиҭеит Аџьба аефир аҿы.

"Арзаҳал алазҵаз ихала дцаны аиқәшаҳаҭра ҟаиҵоит анҳарҭатә ҭыԥ зтәу иареи. Анаҩс абанк ахархәара аԥара анхарҭәатә ҭыԥ зтәу иҭахоит. Ауада аахәаразы аԥара шаҟа азоужьхо программала иазыӡбоуп, арзаҳал алазҵо ихьӡала хәышә нызқь, иара убри инацҵаны иҭаацәара алахәыла рыцыԥхьаӡа шәнызықь иреиҳамкәа. Аҭаацәара иалоу рхыԥхьаӡарала ишьақәыргылахоит аԥара ахыԥхьаӡарагьы. Иҟаҳҵахьо рҟынтә 500 000 инаркны 1 200 000 мааҭ ахә зауз ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аџьба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0