Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Sputnik акорреспондент: аӡы аҟамзаара зыхҟьаз Аҟәа аӡыҭгагақәа русура аиԥҟьара ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадраҟ Аҩӡба
Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь аҿы аӡазы иҟаз ауадаҩрақәа зыхҟьаз еилкааны, Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадиоефир аҿы урҭ ртәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik акорреспондент: аӡы аҟамзаара зыхҟьаз Аҟәа аӡыҭгагақәа русура аиԥҟьара ауп

""Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб иҳаиҭаз аинформациала Аҟәа иҟоу аӡеизгарҭақәа ҩбы рҿы аӡы анеира уадаҩын. Уи зыхҟьаз аилкааразы аӡеизгарҭа акәша-мыкәша "Аӡыканал" аусзуҩцәа акыр еимдааит. Ҩымш-хымш иадхалеит џьаракыр аӡы ацәцозар ҳәа аҭҵаара. Анаҩс, Аҟәа ӡыла еиқәзыршәоз аӡыҭгага хада аҟны агәаҭарақәа хацдыркит. Уи ауп Аҟәа ақалақь ҭыԥқәак рҿы аӡы аҟамзаарагьы зыхҟьаз, аӡыҭгага аиҭашьақәаргыларазы аусурақәа ирылаган. Амш иалагӡаны дара шхыркәшахо атәы иҳәеит Анқәаб", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Аӡыҭгага аиҭашьақәыргыларазы аамҭа рацәак аҭахымхеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршахеит аҭыԥантәи аспециалистцәа рыла иҳәеит Аҩӡба. 

"Ари џьарантәи аспециалистцәа адгаланы имҩаԥгатәыз усурамызт, иара "Аӡыканал" аусзуҩцәа рымчала инагӡаз ауп", - азгәеиҭеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0