Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мышәба Аусхкырацәатә коллеџь азы: ауаа рымаҵ аура знапы алаку рдыррақәа еизҳарҳар ҳалшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьумбер Мышәба
Џьумбер Мышәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ауааԥсыра рымаҵ ауразы аусхк знапы алаку рҟазара аҩаӡара ашьҭыхразы аҵара ддырҵартә еиԥш алшара шрымоу.
Мышәба Аусхкырацәатә коллеџь азы: ауаа рымаҵ аура знапы алаку рдыррақәа еизҳарҳар ҳалшоит

"Ауааԥсыра рымаҵ зуа аусхк ахырхарҭала аусзуҩцәа рҟазара аҩаӡара ашьҭыхразы аколлеџь аҿы иҳамоуп еиқәыршәаны иҷыдоу апрограмма. Иара акырантә Аҵара аминистрраҿы идҳарбахьеит. Иахьа ҳсасааирҭақәа рҿы аус руеит аҵара иаламгац ауааԥсыра. Имаӡам, џьоукы-џьоукы рыҩаӡара уааигәырӷьартә еиԥш иҟам. Имаҷҩуп ииашаны, ишахәҭоу еиԥш асас идкылашьа иақәшәо аусзуҩцәа. Адәқьанқәеи акрыфарҭақәеи рҿы аҭагылазаашьа еиӷьым. Абарҭ зегьы рыԥсахразы аколлеџь аҿы иҟоуп алшара ауаа рдыррақәа аизырҳаразы. Анаҩс рыҩаӡара еиҳа еиӷьхартә еиԥш. Апрограмма аус аурцаз иаҳҭахуп адгылара, асасааирҭақәа рҿы ус мчыла икны иаҳзаагаӡом. Дара реиҳабацәа ус еиԥш агәаҳәара роур, иаҳзаарышьҭыр, ҳара идҳарҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Мышәба.          

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0