Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цыгәба 1999 шықәсазтәи ареферендум азы: аус ду хшыҩла имҩаԥган

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Цугба
Вячеслав Цугба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ԥаса напхгара азҭоз Виачеслав Цыгәба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит 20 шықәса раԥхьа ҳтәылаҟны имҩаԥгаз жәлары зегьы злахәыз абжьыҭара амҩаԥгара шеиҿкааз.
Хра злоу ахҭысқәа: Цыгәба 20 шықәса раԥхьа Аԥсны имҩаԥгаз ареферендум иазкны

Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы жәлары зегьы рабжьаҭарала Аԥсны Аконституциа шьақәырӷәӷәан иара убас имҩаԥган Аԥсны аҳәынҭқарра ахада раԥхьатәи иалхрақәеи Аԥсны аҳәынҭқарра ахьԥшымразы ареферендуми.

"Иахьатәи амш аԥсуа ҭоурых аҟны иналукааша рыцхәуп. Раԥхьаӡа акәны жәлар рыбжьаҭарала ишьақәырӷәӷәан Аконституциа, уи инамаданы Аԥсны ахада раԥхьатәи иалхрақәа мҩаԥган. Ари иналукааша хҭысуп. Ус еиԥш аусқәа рымҩаԥгаразгьы аԥышәа ҳамамызт. Аԥсны раԥхьатәи ахада апарламент аҟны далырхит, аха алигитимра цқьа имааԥшуазшәа рбон аполитикцәа уамак ҳазҭахымыз, убри аҟынтә ареферендум аҟны иқәдыргылеит ари азҵаарагьы Аконституциа ашьақәырӷәара атәгьы. Ари иус дууны иаҳԥхьаӡон, еиҿкааралагьы имҩаԥган. Аԥсны ахада иалхреи Аконстиуциа адкылареи рзы ареферендум анрылаҳҳәа, иаҳҿагылоз амчқәа ҟалеит. Қыртҭәыла усгьы иаҳҿагылан, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара, Европа ашәарҭадаразы аилак инаркны зегьы ақәымчит азакәантә ҵаҵӷәы амаӡам ҳәа. Иахьа иаҳҩыза дуу  ахәынҭқарра  Урыстәылагьы уи иаҿагылан. Усҟан Қырҭҭәылеи ҳареи ҳабжьара наҟ-ааҟ аиҿцәажәарақәа цон, аурысцәа бжьаҟазара руан, далахәын Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара ахаҭарнакгьы. Ус ргәы иаанагон Қырҭтәылеи Аԥсныи реизыҟазаашьа инагӡаны иӡбаӡам ҳәа. Ареферендум аҟны Аконституциа анҳадаҳкыла уи азҵаарахь хынҳәышьа ыҟамызт", - иҳәеит Цыгәба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Aԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0