АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицунда, Аԥсны ақалақьқәа рыбжьара еиҳа асасцәа "Иаку абилеҭ" рхы иархәаны изҭаауа ҭыԥуп ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Иаку атранспорттә дирекциа апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лосева.
Урыстәылантәи Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркын 2019 шықәса ԥхынгәы 24, ихыркәшахеит цәыббра 30 рзы.
"Зынӡа "Иаку абилеҭ" рхы иадырхәеит 1004-ҩык апассаџьырцәа. Зегь раасҭа ари амаҵзура ахархәара аиуит Пицунда. "Иаку абилеҭ" ала арахь иааиит 412-ҩык аԥсшьаҩцәа", - лҳәеит Лосева.
Аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит Гагра – 396-ҩык апассаџьырцәа, ахԥатәи Аҟәа – 92-ҩык апассаџьырцәа.
"Иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит 2020 шықәса мшаԥы 30 инаркны. "Иаку абилеҭ" аахәара ауеит Урыстәыла аҳаиртә ма адәыӷбатә кассақәа рҿы, РЖД асаит аҿы, аҳаиртә билеҭқәа раахәараз апорталқәа рҿы, иара убасгьы Аԥсны аихамҩатә кассақәа рҿы.
Шәача аҳаиртә баӷәаза ма аихамҩатә станциаҟынтәи "Иаку абилеҭ" ала Аԥсны ақалақьқәа хәба: Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гагра, Пицунда, Аҟәа рахь аара ҟалоит.
Автобусқәа Шәача аҳаиртә баӷәаза ма аихамҩатә станциа аҟынтәи уахь иныҟәоит асааҭ 0:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа. Еиҳа инарҭбааны аилкаара алшоит РЖД асаит аҿы.
"Иаку абилеҭ" ахәԥса: "Шәача – Гагра" - 380 мааҭ, "Шәача - Пицунда" - 420 мааҭ, "Шәача - Гәдоуҭа" - 460 мааҭ, "Шәача - Афон ҿыц" - 520 мааҭ, "Шәача - Аҟәа" - 560 мааҭ. Уаныхынҳәуа ахәԥса шыҟоу иаанхоит.
Хәышықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа хәыда-ԥсада имҩаныргоит.
Хәыда-ԥсада амҩангара ҟалоит 30 кг аидара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Асҭамыр Ахба "иаку абилеҭ" иазкны: аԥсшьацәа раара арманшәалоит
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Аџьармыкьаҿы иацтәи амш аҽны абжьааԥны еиԥшымкәа ауаа рацәан ҳәа узҳәаӡом. Уаҟа аус зуа аԥсҭазаара бзиа аҟынтә акәӡам аус зыруа, ахьҭа иакуа, сааҭла игылоуп рҭаацәа ныҟәыргарцаз, аха ачымазара ҭаха ҳнамҭеит азоуп аԥкрақәа залагалоу. Аҭиҩцәа уаанӡа аԥкрақәа аналагалаз даара игәамҵуан, уажәы иаҳа еилыркаауа иалагеит, ишахәҭоугьы иазнеиуеит. Абри аабеит аџьармыкьа аҩнуҵҟеи акәша-мыкәшеи. Ҳара ауааԥсыра ргәынҽанӡамкәа ҳрызнеит. Иҳәатәуп, асабрадақәа зхаз шырацәаҩыз. Ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа ҳгәаԥхеит. Иацтәи ареидқәа рҿы иаабеит ауааԥсыра асабрадақәа зхазҵо иаҳа ишырацәаҩу, изхам реиҳагьы. Изхамгьы ҳрацәажәеит иреилҳаркааит уи шхымԥадатәиу", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. 1972 шықәсазы рзы Сергеи Габелиа Асахьаҭыхыҩцәа реилазаара анапхгаҩыс дахадыргылоит. Уи аусура кыршықәса даланахалоит, 20 шықәса инареиҳаны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп. Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит. Иара инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Сергеи Габелиа диижьҭеи 82 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы.
Ақыҭа ԥсҭазаарахь имаз абзиабара иусумҭақәа жәпакы ирныԥшуеит. Асахьа "Аџьатә ҭаацәара".
Сергеи Габелиа диит 1939 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Гәыԥтәи абжьаратә школ аҿы аа-класск хыркәшаны, иҵара иациҵеит Тҟәарчалтәи абжьаратә школ No1 аҟны.
Сергеи Габелиа – жәлары дырсахьаҭыхҩуп.
Ирҿиамҭақәа ауаа зегьы ирзааигәоуп, еилыркаауеит.
Габелиа инапынҵақәа нижьит еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны: апортреҭ, апеизаж, абзазаратәи, аҭоурыхтә сахьақәеи рҿи.
"Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз. Еиҳаракгьы аҿыханҵа аҟны акәын иҽахьԥишәоз, иара убасгьы ашәҟәқәа сахьала еиқәиршәон. Сергеи Габелиа аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазараҟны иаарылҳәҳәо ҳәа иҟоу дреиуоуп. Иуаҩышьа бзиан, инакәызаалак аӡәы игәы иалсуа аҳәара иҟазшьамызт, дҩыза бзиан, даԥхьагылаҩын", - иҳәеит Сергеи Ҵәыџьба.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны, ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Асахьа "Прибалтика". Сергеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьан.
Афон Ҿыц. Сергеи Габелиа иусумҭа.
Абырг Ҟасҭеи Арсҭаа ихаҿсахьа Сергеи Габелиа иҭыхит 1970 шықәсазы.
Многим было бы интересно видеть работы Габелия в Выставочном зале Союза Художников Абхазии, погрузиться в волнующий мир мыслей и чувств художника, которые двигали им на творческом пути.
Сергеи Михаил-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан "Ажәеиԥшьаа" ҳәа акарикатуристцәа реилазаара еиҿызкааз дреиуоуп.
"Ажара".
Сергей Габелиа иҷкәын иавтопортреҭ.
Ирацәоуп иусумҭақәа аҳәаанхыҵ агалериақәа рахь иагаз, ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу.
Сергеи Габелиа иусумҭақәа ыҟоуп асахьаҭыхратә галереиаҟны.
Ирацәоуп апатреҭтә жанр ала аԥсуа быргцәа нагақәа рхаҿсахьақәа иаанижьыз.
Сергеи Габелиа идипломтә усумҭа амҳаџьырра иазкын, уи атема дазыхынҳәауан анаҩс ирҿиараҟны.