Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц еиҭеиҳәеит "Аиааира Ахраҿа" сынтәа зхы алазырхәуа ртәы

© Фото : предоставленно Джамалом БарцыцЏьамал Барцыц
Џьамал Барцыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зымаха-зышьаха еибгам ашьапылампыласыҩцәа ркоманда анапхгаҩы, Леон иорден занашьоу Џьамал Барцыц арадио Sputnik адырра аиҭеит ашьапылампыл маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" шымҩаԥысуа.

Аицлабра аартхоит Аҟәа ақалақь абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы азааигәара иҟоу ашьапылампылтә дәы аҟны жьҭаара 7 рзы, иагьымҩаԥыслоит амза 14-нӡа. Атурнир иалахәхоит Аԥсны, Узбекистан, Чечентәыла, Даӷьсҭан, Барнаул, Кемерово рҟынтә акомандақәа.

Барцыц еиҭеиҳәеит "Аиааира Ахраҿа" сынтәа зхы алазырхәо ртәы

"Аԥсны зхы ақәызҵаз афырхацәа рыхьӡала ахәмаррақәа мҩаԥаагоит. Ҳара ҳкоманда еиҿкаауижьҭеи шьҭа 16 шықәса ҵуеит. Уи иалахәу зызшьапык, зызнапык змам аҷкәынцәа роуп. Аиашазы, иҳагу рацәоуп, ргәы иалымсааит аиҳабыра ҳшәыцхраауеит рҳәоит, аха ҟаҵоу ыҟам. Акоманда 12-ҩык ҳалоуп, иҟоуп урҭ рыбжьара шьҭа аиԥыларақәа рҟны еснагь изымхәмаруагьы. Ҳара ҳзы машьынак ҟамлеит 10-ҩык раҟара зкыша, атурнир ахь асасцәа анаҳҭаауагьы, ҳазланаиааиша", - иҳәеит Барцыц.

"Аиааира Ахраҿа" ҳәа ашьапылампыл маҷ азы маха-шьахала еибгам ахәмарыҩцәа рыбжьара аицлабрақәа Аԥсны сынтәа бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0