Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны арбџьармчқәа раԥҵараан - арратә леишәа зеиԥшраз

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу ԥхьатәара иҟоу аинрал Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Аԥсны арбџьармчқәа раԥҵараан арратә леишәа зеиԥшраз, уи шышьақәгылаз.
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба Аԥсны арбџьармчқәа рҟны арратә леишәа иазкны

Жьҭаара 11, 1992 шықәса рзы Аԥсны атәылахьчара аминистрреи Аинралтә штаби раԥҵаразы аусԥҟа ҭижьит Аԥсны Иреиҳаӡоу аилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Ардзынба. Ари арыцхә аофициалла Аԥсны арбџьармчқәа риира амш акәны иԥхьаӡоуп

"Марттәи ажәылара иаҳнаҭаз аԥышәа ҳаиҳабыра иднарбеит абаталионгьы шмаҷыз, иреиҳау архәҭақәа шаԥҵатәыз. Анаҩс абригадақәа рахь ҳаиасит Гәымсҭатәи афронт аҟны. Адисциплина иаразнак аҟаҵара цәгьахеит, избанзар аибашьра аналага гәыԥ-гәыԥла ауаа еицын. Хәыҷы-хәыҷла уигьы алыршахеит. Абригадақәа ахьеиҿкааз Афон ауп. Владислав Григори- иԥа ҽнак бжьых ҽнак данымнеиуаз ыҟаӡамызт. Армаҭәа ишәҵаны деихаххаа днеиуан, "ацәаҳәа иқәыргыл" иҳәон, нас излалшоз ала ауаа еилаҳәаны, абџьар кны ианықәҳаргылоз, даргьы ргәы шьҭыҵуан. Убас ҳалагеит арратә леишәа ашьҭыхра. Иахьатәи ҳар рырратә леишәа иаҳа излаӷәӷәоу ихәыҷны арра инеины аҵара зҵаз роуп. Ҳақәгәыӷуеит сентиабр мзазы Аԥсныи Урыстәылеи ртәылахьчара аминистррақәа реиԥылара, Москва анапы зҵаҩҩыз ашәҟәы алҵшәа бзиақәа шаанашьҭуа. Урыстәыла ахада ҳазқәиргәыӷқәаз зегь ҳаур (цәыббра 23 рзы  Владимир Путин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны арратә мчқәа реиӷьтәразы ахарџь Урыстәыла ахахьы иагарц аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩҩызарц –аред.), нас ҳамшәаратәы  иҟалоит", - иҳәеит Нанба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0