Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Манаргиа амхы аҭагаларзы: аџьабаа ацуп, аха иус бзиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Манаргьиа арадио Sputnik аҟны
Алхас Манаргьиа арадио Sputnik аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа арҭ амшқәа рзы амхҭагалара даҿуп. Сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу, насгьы ари аус иацу аџьабааи, уи ухазыршҭуеи атәы еиҭеиҳәеит аефир аҿы.
Манаргиа амхы ҭагаларзы: аџьабаа ацуп, аха иус бзиоуп

"Аԥш анҿалоз аамҭазы аарҩара иақәшәеит, ҳара ҳахьынхо аҭыԥ уи зынӡаск иабар ҟалаӡом. Аха иага ус иҟазаргьы, ицәгьам аҽаҩра. Зегь реиҳа ихадоу - саб икамбашь азхара аҟашәа ҭыҵуеит, иаҳфаша уеизгьы иҟоуп. Анхацәа зегьы уажәы рымхқәа ирҭоуп. Рыжьқәа рҭаахьеит, аҩқәа ҭарҭәахьеит. Амҩа аҿықәан ҳанхоит азы, сахьыԥшуа избоит ладеи-ҩадеи ицо амашьынақәа аҟашәа рықәуп. Амхы аҭагаларазы аамҭа бзиоуп уажәы, анхацәа зымхқәа ҩахьоу рзы. Имариам ҳәарада, аџьабаа ацуп, аха ари ус бзиоуп. Анкьа иаҳа ирацәаны илаҳҵон, уажәы иаҳа имаҷны, аха ҳара иҳазхоит. Аԥш аҭагалараҿы ацхыраара даара акыр аҵанакуеит. Лаԥҟьак иадымхаргьы акалаҭ иҭазыԥсо дҟалар, уи анхаҩы иныԥшуеит. Зегь реиҳа угәы шьҭызхуа акәны иҟоуп уусқәа зегьы уанрылгалак, абысҭа уны, сасцәақәак адыԥхьаланы уанаатәалак, уааԥсара зегьы уханаршҭуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0