"Аурыс асахьаҭыхратә ҟазара ашкол асистема даараӡа иҳаракуп, ҳаргьы ҳҿар аҵара зладҳарҵо убри алоуп. Хымԥада, ҳсахьаҭыхыҩцәа Урыстәылантәи иааз роума, мамзаргьы егьырҭ, изларыҵахо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ҳсахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа - узцәыԥхашьо ҳәа акгьы ыҟаӡам, апрофессионалтә ҟазара аазырԥшуа усумҭақәоуп. Аԥсны иҟоу асахьаҭыхразы амилаҭҭә традициақәа еихаҳауп иахьазы, аха иаҳҭаху, анаҩсгьы ус еиԥш иҟалар ауп, маҷ-маҷ рҟазара ашьҭыхра ҳашьҭоуп. Ҳара арҵаҩцәа иҳалымшо ыҟазаар ҟалоит, убри ахарҭәааразы, Аԥсны анҭыҵынтә иааҳго аҟазацәа дуқәа рыцхыраара ҳахәоит", - ҳәа азгәеиҭеит Чхамалиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаамҭазтәи аҟазара: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаатит арт-пленер
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
"Аџьармыкьаҿы иацтәи амш аҽны абжьааԥны еиԥшымкәа ауаа рацәан ҳәа узҳәаӡом. Уаҟа аус зуа аԥсҭазаара бзиа аҟынтә акәӡам аус зыруа, ахьҭа иакуа, сааҭла игылоуп рҭаацәа ныҟәыргарцаз, аха ачымазара ҭаха ҳнамҭеит азоуп аԥкрақәа залагалоу. Аҭиҩцәа уаанӡа аԥкрақәа аналагалаз даара игәамҵуан, уажәы иаҳа еилыркаауа иалагеит, ишахәҭоугьы иазнеиуеит. Абри аабеит аџьармыкьа аҩнуҵҟеи акәша-мыкәшеи. Ҳара ауааԥсыра ргәынҽанӡамкәа ҳрызнеит. Иҳәатәуп, асабрадақәа зхаз шырацәаҩыз. Ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа ҳгәаԥхеит. Иацтәи ареидқәа рҿы иаабеит ауааԥсыра асабрадақәа зхазҵо иаҳа ишырацәаҩу, изхам реиҳагьы. Изхамгьы ҳрацәажәеит иреилҳаркааит уи шхымԥадатәиу", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.