Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Логәуа: Аԥсны ахьыҟоу ззымдыруаз иахьа ибзиоу ацәаныррақәа иманы аҩныҟа дхынҳәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логәуа
Нугзар Логәуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәатәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" алҵшәақәа ртәы.
Логәуа: Аԥсны ахьыҟоу ззымдыруаз иахьа ибзиоу ацәаныррақәа иманы аҩныҟа дхынҳәуеит

"Аконференциақәа аҵак ду рымоуп, избанзар аҟазараҿы иахьа имҩаԥысуа, ахырхарҭақәа рҽеиҭакрақәа, ицәырнаго азҵаарақәа ртәы ҳрылацәажәоит. Дара иааз гәахәарыла ирыдыркылоит ҳарт-пленер, иара аиҿкаашьа ахә ҳаракны иршьоит. Адунеи аҿы имҩаԥысуа апленерқәа ирылахәхьоу уи азгәарҭоит. Ҳасасдкылашьа акәзар, уамашәа ирбоит. Адәаҿы аус аныруаз аамҭазы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирымаз азҿлымҳара атәы алыркааит. Дара Аԥсны аганахьала ибзиоу ацәаныррақәа роуит. Анаҩс доусы дахьнеиуа уи атәы иҳәоит. Сынтәа 12-ҩык раԥхьаӡа акәны арт-пленер иалахәын, урҭ рахьынтә иҟоуп Аԥсны ахьыҟоу ззымдыруазгьы. Ҳаӡбахә раҳалароуп, ирбалароуп атәым тәылақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.

VI Жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа. Аԥсны-2019" иалахәын 20-ҩык рҟынӡа апрофессионалтә сахьаҭыхцәа Урыстәылеи Израили рҟынтәи. Иара убас аусмҩаԥгатә иалахәын ААУ аҟазара аҟәшеи Аҟәатәи асахьаҭыхратә школи рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0