Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьалԥҳа агәыҳалалратә фондқәа еицырзеиԥшу абазазы: макьана ҭеллоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМактина Джинджолия
Мактина Джинджолия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ахада Мактина Џьынџьалԥҳа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны иаԥҵоу агәыҳалалратә фондқәеи дареи ирыбжьоу аимадарақәа ртәы.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Џьынџьалԥҳа агәыҳаларатә фондқәа русура иазкны

"Агәыҳалалртә фондқәа зегьы еицырзеиԥшу абаза шьақәыргылатәуп, уи ахьыҟам аҟнытә агәаҳалалратә фондқәа рнапхгаҩцәа рахь аҭел ҳасны еилаҳкаауеит, абас еиԥш иҟоу аҭаацәара ацхыраара роухьома ҳәа, макьана ус ауп аимадара шҳамоу. Згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ҳара ацхыраа раҳҭоит, уи ацхыраара иҭаҳагӡоит ани аби ахәыҷи ахәышәтәырҭаҿы рыҟазаарагьы, аха амҩақьира агәыҳаларатә фонд иашәаӡом. Уи азы ашәҟәы аларҵоит аҳәынҭқаррахь, анаҩс дара аҭел иасны иҳазҵаауеит, иашаҵәҟьаны ахәыҷы ацхыраара ишәҭама ҳәа, анаҩс дара амҩақьыра ахәԥса рырҭоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыхны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0