Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба еиҭашьақәыргылоу "Ажәҩан аҿықә" азы: аԥхьарбара Владикавказ имҩаԥысуеит

© SputnikКясоу Хагба
Кясоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟны имҩаԥысуа атеатртә фестивальқәа Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр алахәхараны ишыҟоу, ахәаԥшцәа ирыдыргало ақәыргыламҭа атәы.
Ҳагба еиҭашьақәыргылоу "Ажәҩан аҿықә" азы: аԥхьарбара Владикавказ имҩаԥысуеит

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драмтә театр ықәгылоит Владикавкази Нальчики жәларбжьаратәи атеатртә фестивальқәа "Ҳәаа змам асценеи" "Ладатәи асценеи" рҟны. Афестивальқәа мҩаԥысуеит абҵара 4, 22 рзы. Аԥсуа театр арҭ афестивальқәа изныкымкәа ирылахәын, аԥхьахәтә ҭыԥқәа.

"Аҩ-фестивальк ҵыԥх ҩымш –хымш рыбжьан, сынтәа ҩажәамш. Урҭ рҟны акомиссиақәа ирылоу хазы-хаз иҟоуп. Ирылацәажәоит амилаҭтә театрқәа реиқәырхаразы иҟаҵатәу, ирыгу –ирыбзоу. Иахьа уажәраанӡа иагьа иуадаҩзаргьы Аԥсуа театр ахатәы бызшәала иқәгылоит, иахьнеиуазаалак", - иҳәеит Ҳагба.

Аԥсуа театр афестивальқәа рахь иагоит еиҭашьақәыргылоу ақәыргыламҭа "Ажәҩан аҿықә" Тонино Гуерра иаԥҵамҭала.

"Ари аспектакль аҟны ихәмаруан Чынчор Џьениа, Нурбеи Камкиа, хынтә-ԥшьынтә роуп ҳаныхәмар. Атеатр аиҳабы Нодар Ҷанба аҳәара ҟаиҵеит аспектакль еиҭашьақәыргылазарц , ииашацәҟьаны ибзиан. Еиҭашьақәыргыланы иҟаиҵоит Валери Михаил-иԥа Ақаҩба, аԥхьарбара мҩаԥаҳгоит Владикавказ афестиваль аҟны, анаҩс Нальчикҟа ҳцаанӡа ҳтеатр аҟны ахәаԥшцәа идҳарбоит. Ус еиԥш агәҭакқәа ҳамоуп", - иҳәеит Ҳагба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0