Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа аиҳабыра реилазаара ашьақәгылашьа аиҭакразы: аштатқәа еиҵатәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шьалашьаа
Заур Шьалашьаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҳабыра реилазаара ашьақәгылашьа аиҭакрақәа алагалара мзызс иамоу, аԥхьаҟа аусура ишаныԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аиҳабыра реилазаара ашьақәгылаәшьа аиҭакра атәы

Аминистрцәа реилазаара аструктура ашьақәырӷәӷәаразы Аԥсны ахада иусԥҟала ақыҭанхамҩеи акурортқәеи атуризми рзы аминистррақәа аҳәынҭқарратә еилакқәа ҳәа еиҭакуп. Иара убас еиуеиԥшым аиҭакрақәа ҟалеит егьырҭ аминистррақәеи аилакқәеи рҟны.

"Азҵаара уахцәажәозар, ахьӡ аԥсахра мацара акгьы унаҭаӡом, аха сгәыӷуеит анаҩстәи ашьаҿақәа рыла иаҳбоит аилакқәа русура аҵакы аҽаԥсахуеит ҳәа. Иаҳҳәап, ақыҭанхамҩа аминистрра аҳәынҭқарратә еилакы ҳәа ахьахьыӡҵахаз амч маҷхаӡом. Аԥсны аекономика иаднакыло, иҿиарц иҟоу зегьы программала реиқәыршәаразы аминистррақәа рҟынтәи адҵақәа ҳҭахуп. Ишыздыруа уи алацәажәара иаҿуп уажәы. Аԥсны ахада ишьақәирӷәӷәахьеит, аминистрцәа реилазаарагьы рнапы аҵарҩхьеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара астратегиа 2025 шықәсанӡа. Уаҟа иарбоуп шьаҿа-шьаҿала иҟаҵатәу, досу ирыдугьы. Усҟан иаҳарбеит аиҭакрақәа шаҭаху. Иҳамҳәаӡеит рыхьыӡқәа ԥсахтәуп ҳәа, аха уи ала астатус маҷхеит ҳәа аанагаӡом. Уи иаанаго астратегиа аҟны ишарбоу еиԥш программала аиқәыршәароуп. Аминистрра аҟны аасҭа аҳәынҭқарратә еилакы аҟны аштатқәа еиҵахоит. Аԥхьа 15 процент рҟынӡа  аштатқәа реиҵатәра ҳәа иҟаз адҵаа лымҵӡеит, уажәы инагӡахоит ҳәа сгәы иаанагоит. Аус зуа аттестациа иахыжьтәхоит, ус иҟан, ари иазыгьежьтәуп. Аминистррақәа ус еиԥш аттестациа рхала имҩаԥырымгароуп, иаартны ажәлар рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысроуп аполитикахь ииагамзарц", - иҳәеит Шьалашьаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0