Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Капԥҳа афестиваль "Шьардаамҭа" азы: ахортә шәаҳәара аԥшӡара аӡыргара иазырхоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрифа Капба
Арифа Капба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 11-13 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамаҭа". Уи ахықәкы хада атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Капԥҳа.
Капԥҳа афестиваль "Шьардаамҭазы": ахортә шәаҳәара аԥшӡара анырра иазырхоуп

"Иаԥшьазгаз Есма Џьниаԥҳа лажәақәа рыла, ахор еснагь аԥсуаа рытрадициатә шәаҳәара иалан, ари ашәаҳәара хкы аԥшаӡара иахнахуаз рацәаҩын. Афестиваль хықәкыс иамоуп ахортә шәаҳәара ауаа иаҳа радыԥхьалара, аинтерес дыркра, еицырдыруа ансамбльқәа Аԥсныҟа иааларц, академиатә шәаҳәарадагьы, ахәаԥшҩы еиуеиԥшым ажәларқәа рашәақәа иаҳарц. Ҳара иахҭахуп ахәаԥшцәа ахортә шәаҳәарахьы ихьаԥшларц, шаҟа иԥшӡоу, шаҟа гәахәара унаҭо еилыркаарц. Ари ахырхарҭа еиҳа иҿиаларцаз. Аконцертқәа ҩба хәыда-ԥсадахоит, Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуа акәзар, абилеҭ ахәԥса зынӡа имаҷхоит. ", - ҳәа азгәалҭнеит Капԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0