Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәажәба: ауаа аҩы бзиеи ацәгьеи рзеиламго аҟынӡа инеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор винограда в селе Хуап
Сбор винограда в селе Хуап - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩы еиқәаҵәаӡа иҟаларцаз иҟаҵатәу, насгьы аҩы ԥаршеи зхатә џьабаала ажь еизызго ишырԥырхагоу атәы Sputnik Аԥсны акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа илзеиҭеиҳәеит Хәаԥ ақыҭан инхо Ешсоу Гәажәба.
Гәажәба: ауаа аҩы бзиеи ацәгьеи рзеиламго аҟынӡа инеит

"Ҳаиҳабацәа ажь аҭиразы акәӡамызт изырааӡоз, дара иҟарҵоз, асас иакәын изызкыз, инарҵауланы Аԥсуара аныҟәгара иазхәыцуан. Асас иааира, аԥшәма агәылацәа адгаланы аишәа ирхион, дызлаҽхәоз имаз иҩы цәыригон, алафи ажәабжьқәеи еибырҳәон. Уажәы аҩы ҭазҭәо мааҭк дырҳарцаз аҭира иалагоит. Аха ажь рацәа умазар аҩы уҭиип, аха ус еиԥш ианыҟам аҩы ԥаршеи алырхырц иалагоит. Ақыҭаҿы пату ақәҵан аҩы ҟазҵо еиқәаҵәаӡа иҟаиҵозароуп. Уажәы абжеиҳараҩык аҩы ҟаԥшьӡоуп ишыҟарҵо, ашьақар наҭаны аҭирахь идәықәырҵоит. Ҳара ҳҩы ҳзымҭиуа аҟынӡа ҳнеит, ауаа ирыдыргало аҩы агьама убас аҽеиҭанакит, абзиеи ацәгьеи рзеиламго аҟынӡа", - ҳәа азгәеиҭеит Гәажәба. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас ишәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0