Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥшьлааԥҳа: Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура - ԥсҭазааратә ԥышәа бзиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛана Аԥшьлааԥҳа
Лана Аԥшьлааԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа телехәаԥшра амҩаԥгаҩ-аредактор Лана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ателехәаԥшраҟны аусура дшалагаз, уи лара лзы ҵакыс иамоу.

Абҵара 6, 1978 шықәсазы раԥхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит Аԥсуа телехәаԥшра.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аԥшьлааԥҳа Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура иазкны

"Аҩбатәи акласс аҟны стәан сжурналистхоит ҳәа анысҳәа. Избан? Исыздырӡом. Ашкол ашьҭахь ажурналистика аганахьала аҵара сҭалеит, аҩбатәи акурс аҟны стәан ателехәаԥшрахьы ааԥхьара ансырҭа. Уи ҳамҭак аҳасабала иҟалеит сара сзы. Аҿар рхеилак салахәын, мҩаԥгаҩык лаҳасабала асценахь санцәырҵ, адырҩаҽны исзасит, адырраҭара "Шьыжьбзиа, Аԥсынтәыла" аҟны арубрика амҩаԥгаҩыс ааԥхьара сырҭеит", - лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ажурналист иусура аџьабааи аамҭа рацәеи шаго, аха узанааҭ бзиа ианубо, алҵшәа бзиа уааԥсарагьы шуханаршҭуа.

"Аԥсуа телехәаԥшраҟны сыҟоуижьҭеи сынтәа жьҭаарамзазы жәашықәса ҵит. Иџьашьатәуп, иацы акәызшәа ауп санааз ателехәаԥшрахьы, аха аамҭа ықәҳа ицеит. Аусура уаналаго ԥсҭазааратә ԥышәак умазароуп рымҳәалои. Сара аԥсҭазааратә ԥышәа ҳәа исымоу аусураҿы исырҳаз ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аусура - уи азанааҭ аганахьала аҿиара мацара акәым, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа, ауадаҩрақәа, ақәҿиарақәа - арҭқәа зегьы, ҳәарада, уаҩык иаҳасабала ушьақәзырӷәӷәо роуп. Сара сзы Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура ԥсҭазааратә ԥышәа бзиоуп. Сгәаанагарала, аԥхьаҟагьы араҟа избаша, исаҳаша, аԥсҭазааратә ԥышәа аганахьала исырҳаша рацәахоит", - ҳәа азгәалҭеит Аԥшьлааԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0