Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаниаԥҳа "Табуловтәи аԥхьарақәа 2019" азы: иааҟәымҵӡакәа ирҳәон "ишәымоу ҳаҭыр ақәышәҵа!"

© Фото : предоставлено Евой ТанияЕва Тания
Ева Тания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абазеи ачеркесс жәлар рышәҟәыҩҩы, абаза литература ашьаҭаркҩы Табулов Татлусҭан ихьӡ зху ааԥхьарақәа мҩаԥысит иқыҭа гәакьа Ельбурган.

Абазеи ачеркесс жәлар рышәҟәыҩҩы, абаза литература ашьаҭаркҩы Табулов Татлусҭан ихьӡ зху ааԥхьарақәа мҩаԥысит иқыҭа гәакьа Ельбурган. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аԥсуа бызшәа акафедра адоцент Ева Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аконференциаҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа ртәы.

Ҭаниаԥҳа "Табуловтәи аԥхьарақәа 2019" азы: иааҟәымҵӡакәа ирҳәон - "ишәымоу ҳаҭыр ақәышәҵа!"

"Егьырҭ ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз конференциақәа раасҭа ҷыдарак аман, иара мҩаԥысит ҳхатә бызшәала: абазаа цәажәон абаза бызшәала, ҳара ҳцәажәон аԥсышәала. Иазҳархиаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа аизга ҭыҵуеит, уахь акьыԥхь азы урыс бызшәала аматериалақәа раҳҭеит, аха ҳаицәажәара зегьы ҳхатәы бызшәала ишьақәгылан. Еиҭагаҩык дҳабжьамкәа, даҽа тәым бызшәак аламгалакәа даргьы ҳаргьы ҳаилибакаан ҳбызшәала ҳахьеицәажәоз угәы иаахәон", - ҳәа азгәалҭеит Ҭаниаԥҳа.   

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат лажәақәа рыла аконференциаҿы ишьҭыхын абызшәа аиқәырхара азҵаарагьы.

"Иааҟәымҵӡакәа иҳарҳәоз "Ишәымоу ҳаҭыр ақәышәҵа! Шәара шәаҟара ишьақәгылан иҟоу ҳажәларқәа рахьынтә дыҟаӡам, зхатә ҳәынҭқарра змоу, зхатә ҵараиурҭақәа аарту, зхатәы хьӡы змоу. Збызшәала аҷҷаҳәа ицәажәо аӡәы имазҵаа, имыршәа. Абри еиқәшәырхаратәы шәыхгьы шәыԥсгьы ахнышәҵа " ҳәа ҳарҳәон дара, избанзар, дара тәым ҳәынҭқарроуп излоу, имҵаакәа акгьы рзышьақәыргылаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҭаниаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0