Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷаниа Гьаргь Гәыблиа изкны: еилых ҟамҵакәа зегьы дырҩызан, дырзааигәан

© Sputnik / Томас ТхайцукТерентий Чания
Терентий Чания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәлиа ипремиа алауреат, апоет Гьаргь Гәыблиа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы арҿиарахь зшьаҿа еихызгоз апублицист Терент Ҷаниеи иареи реизыҟазаашьа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Аԥсны еицырдыруа ауаа: Ҷаниа Гәыблиа изкны

"Раԥхьаӡатәи амш инаркны, шәареи сареи ҳаиҩызцәоуп ҳәа аниҳәа инаркны ари дыстудентуп, сара слекторуп ҳәа еилых ҟамҵаӡакәа зегьы дырҩызан, дырзааигәан дҟалеит. Усҟан иара ажәеинраалақәа иҩуан, ус еиԥш иҟаз даара имаҷын. Аԥсуа фольклор иазкны алекциақәа рыԥхьара, аматериал аҭҵаара абри ахаҭа иара иднаҵеит, дхьанарԥшит арҿиаратә усурахь. Убри анаркны иара иҩамҭақәа лассы-лассы агаӡеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҿы иркьаԥхьуа иалагеит. Абри ашьҭахь ауп ажурнал "Алашара" аҭыҵрагьы ианалага. Раԥхьа уа зҩымҭақәа анызҵаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Гьаргь Гәыблиа. Иара еилых ҟамҵакәа арҿаиара знапы алазгалоз аҿар еизганы драцәажәон, дрылабжьон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0