Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хьиба еиҭеиҳәеит КВН аҿы ахәмарра дшалагаз атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хибба
Беслан Хибба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 8, КВН жәларбжьаратәи амш аҽны, ААУ аҿы еиҿкааз алафҳәаҩцәа ргәыԥ "Маленькая страна" алахәыла, аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Шьыжьбзиа Аԥснытәала" амҩаԥгаҩ Беслан Хьиба арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит уи ахәмаррахь дышнеиз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хьыбба КВН иазкны

"Уанқәыԥшу, аҵара уанҭо, аҵарада иҿыцу акы уҭаххоит, улаԥшуа уалагоит. Ҳара зегьы алафҳәара аҵәылеибахра бзиа иаабон. Усҟан ари аус анагӡара акырӡа иманшәалан. Иара Аԥсны мацара акәым, аҳәаанырцәгьы ухы ԥушәар ауан, аха уигьы аҽазыҟаҵара бзиа аҭахын", - иҳәеит Хьиба.  

Изыхҟьазеи алафҳәаҩ дызлаз агәыԥ КВН Иреиҳаӡоу алигахь изымнеиз, абри азы игәаанагара иҳәеит.  

"Хаҭала ҳара ҳгәыԥ атәы уҳәозар, Нарҭаа ирышьҭанеиуаз ҳакәын, усҟан аҳәынҭқарраҿы иҟаз ааҭагылазаашьа даара иаҳнырит. Атәыла ахадас иҟаз Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит, ҳаргьы ҳгәы ақәымкәа ақәгыларахь ҳцеит, иҳашҭахыз еиԥш алҵшәагьы уамак ҳзаамырԥшит. Уи ашьҭахьгьы иацаҳҵап ҳҳәеит, аха аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит, агәыԥ аҟынтә аҭаацәара иалалазгьы рацәаҩхеит, аҳәаанырцә лассы-лассы ацара злымшаз ҟалеит, алаф ҳәара зегьы бзиа иаҳбоит, аха иаргьы аамҭа рацәа аҭахуп", - ҳәа азгәеиҭеит Хьиба.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0