Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачхалиаԥҳа амчратә напхгараҭараҟны аԥҳәыс лҭыԥ азы: аквотақәа алагалатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАида Чачхалиаԥҳа
Аида Чачхалиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс илусӡами? Избан аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы аҳәса маҷны изыҟоу, рхала аиҳабыра рҭахыму, рнеира иаԥырхагоу? Абри азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Чачхалиаԥҳа амчратә напхгараҭараҟны аԥҳәыс лҭыԥ иазкны

"Иҟоуп аҳәса ахацәа раҵкьыс еиӷьны аус зуа, аха сгәаанагарала Аԥсны мацара акәым, иара анҭыҵгьы аԥҳәыс арҵаҩра, аҳақьымра уҳәа реиԥш иҟоу азанааҭқәа дрықәнагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, ачынуаҩра аганахьала ахьысҳарақәа ыҟоуп. Ари аҭагылазаашьа аҽанаԥсахуагьы сыздыруам. Сгәанала, аҳәса ыҟазароуп (анапхгараҭаратә ҭыԥқәа рҟны - аред.). Араҟа аквотақәа рыдагьы даҽа мҩакы збаӡом, аха уи аҟаҵара уадаҩхоит, избанзар апарламент аҟны ахацәа роуп еиҳарак иҟоу. Иахьа, изеицәааӡарызеи, ахацәа уиаҟара ирҭахым аҳәса рааигәа аусураҟны иҟазарц. Сара уи сзеилкааӡом. Аибашьраҟны аҳәса рывагылазҭгьы, ара шәзыҟоуи рымҳәазар, уи ашьҭахь Ԥсоу аусура рыжәҩахыр иқәырҵазар, исзеилкааӡом аполитикаҟны, амчраҟны лыҟазаара зырҭахым", - лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputniк Аԥсны аефир ала адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0