Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Анқәабԥҳа ашьақар чымазаразы: ҳтәылаҟны ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРената Анкваб
Рената Анкваб  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым –аендокринолог Рената Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашьақар чымазара аганахьала ҳтәылаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи ачымазара ауаҩы имоу аилкааразы акциа шымҩаԥысуа.
Анқәабԥҳа ашьақар чымазаразы: ҳтәылаҟны ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп

Абҵара 14 рзы ашьақар чымазара иаҿагыланы адунеизегьтәи амш азгәарҭоит.

"Ашьақар чымазара иаҿагыланы амш азгәарҭоит аинсулин аазыртыз аканад ҳақьым Фредерик Бантинг иира амш аҽны. Уи агармон ашьақар чымазара ҭышәныртәалоит. Абҵара 13 рзы акциа мҩаԥысит ахәшәтәырҭаҟны, 54 –ҩык рхы аладырхәит. Урҭ рахьынтә  18 –ҩык рҟны раԥхьаӡа акәны иаарԥшын ашьақар чымазара. Дара ирыздыруамызт ршьақар шҳаракыз. Акциа иалахәыз хәыда-ԥсада аҳақьымцәа абжьгарақәа рырҭеит, насгьы иаҳа инарҭбаау агәаҭарақәа рахь идәықәҵан. Убасгьы акциа иацҵахоит абҵара 14 рзы асааҭ 9 инаркны 14-нӡа. Ауаа акрымфакәа иарҭар рылшоит ршьа. Ашьақар чымазара ауаҩы шьҭрала иоур ауеит, убасгьы иашамкәа акрызфо, зыкапан дуу. Ашьақар чымазара ҳреспубликаҟны ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп уҳәар алшоит. 2017 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан х-нызқьи 400-ҩык ари ачымазара змаз, 2018 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара х- нызқьи 700- ҩык. Уи ҳара иаҳдыруа, иҳадҵаалаз ауаа, аха имааизгьы рацәоуп. Арҭ арбагақәа аполиклиникақәа иҳарҭаз роуп", - лҳәеит Анқәабԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0