Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарацхьиаԥҳа илхәшәтәуа акәытрыхьшь азы: инавс-аавсуа ҳкәыҭқәа амазаргьы цәгьа иабом

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарацхьиаԥҳа арадио аефир аҿы еиҭалҳәеит Дәрыԥшь лыҩнаҭаҿы ихәны иаанагаз акәытрыхьшь шылхәшәтәуа, уи иаҿалҵо.
Кәарацхьиаԥҳа илхәышәтәуа акәытрыхьшь азы: инавс-аавсуа ҳакәтқәа амазаргьы цәгьа иабом

"Амҩахәасҭаҿы сашьа ибеит акәытрыхьшь, ианырк ирбеит амҵәыжәҩа хәны ишыҟаз. Аҩны ианаарга иҳаӡбеит иҳахәшәтәаанӡа иҳамазарц, анаҩс иԥыруа ианалагалак- иауҳашьҭырц. Иаҿаҳҵо кәацуп, иара бзиа иабо акәытқәа аҭара ҳзыгәаӷьуам. Ахәра акәзар, иҿыӡәӡәааны изырӷьашьа ахәшәқәа ахьшьра ҳаҿуп. Уахьахәаԥшуа иара лахҿыхӡа иҟоуп, ибзиангьы акрафоит, мышқәак рышьҭахь иауҳашьҭыртә еиԥш иҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Иара уажәы акәҷарақәа рыҭраҿы иҭакуп, инавс-аавсуа ҳкәытқәа ирыхәаԥшуеит, ак амазаргьы цәгьа иабом. Ҳәарада, иара ԥсабарала аҩнатә ԥсаатәқәа ирзышәарыцуеит, уи ус иаԥуп, аӡәы ԥырхага инаҭазаргьы ҟалап, аха иара ацхыраара шаҭаху дырны ҳзаҩмсит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

       

Ажәабжьқәа зегьы
0