Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит ашьхараҟны амцакра иахҟьаны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

© SputnikСавелий Читанава
Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы ҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ашьхараҟны амцакра иахҟьаны аҵиаақәа ироуз аԥхасҭа ахәшьара аҭара макьана заацәоуп ҳәа.
Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит ашьхараҟны амцакра иахҟьаны аҭагылазаашьа зеиԥшроу

"Ҳахыԥраауан иахьа Аҟәа араион ахыҵырҭа Доу инаркны Ԥсҳәы акәша-мыкәша иҟоу аҭыԥқәа рҟынӡа. Аиаша шәасҳәап, аҭагылазаашьа зынӡа имариаӡам, аха ауаҩы имч зқәымхо акгьы ыҟаӡам. Урыстәылантәи иааз АҶА аусзуҩцәа аус руеит. Ашьхараҟны амца арцәара ус имариам, убри аҟынтәи ҳаирпланла аӡы рацәаны ақәҭәара аҭахуп. Амца абна хнашьаартә еиԥш иҟам уажәы аҭагылазаашьа, избанзар амца зку еиҳарак абӷьоуп. Хымԥада, ҳзыхӡыӡаауа аҵиаақәа рацәаны иҟоуп, урҭ аахак роургьы амца иацәынхап ҳәа ҳгәыӷуеит. Макьаназы амца иҟанаҵаз ааха ахәшьара аҭара уадаҩуп аҭыԥаҟны ҳнеины ҳаблала иаҳбаанӡа. Амза ҵлақәа иахьрызҳауа абна аҟынӡа амца мнаӡеит. Усҟан аҭагылазаашьа иаҳа иуадаҩхон, амзаша амца анакуа арцәара мариам", - ҳәа азгәеиҭеит Сыҷынаа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0