Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа "Ажәҩан аҿықә" аԥхьарбаразы: идәылҵуаз рылаӷырӡқәа дрыцқьон, саргьы ус акәын

© Sputnik / Томас ТхайцукСариа Кәарцхьиаԥҳа
Сариа Кәарцхьиаԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор Валери Ақаҩба иқәыргыламҭа "Ажәҩан аҿықә" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсны. Аспектакль ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақәыргыламҭа иахәаԥшыз Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа "Ажәҩан аҿықә" аԥхьарбаразы: идәылҵуаз рылаӷырӡқәа дрыцқьон, саргьы ус акәын

"Аԥхьарбахь инеиз рацәаҩын, избанзар зегь раԥхьаӡа акәны аиҭашьақәыргылара ашьҭахь Аԥсны иара еиҭадырбан. Зегьы иргәаԥхеит ҳәа сызҳәом, избанзар иҟан уаанӡа иқәдыргылахьаз збаз, еиҿзырԥшыз. Иҟан усҟантәи аилазаара иаҳа еиӷьын ҳәа изҳәозгьы. Сара сакәзар, хаҭала ус еиԥш алшара сымамызт, уи сымбацызт. Уажәтәи ақәыргыламҭа акәзар, даара исгәаԥхеит. Сара исеиԥшызгьы рацәаҩын, избанзар, аспекталь ашьҭахь идәылҵуаз избон рылаӷырӡқәа шыдрыцқьоз, саргьы ус акәын… Актиорцәа рыхәмарра угәаҵанӡа инеиуеит, аспектакль атемагьы ҳзааигәоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0