Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хьиба апремиер-лига афинал акы аабатәи ахәмарразы: ахәаԥшҩы игәы иақәшәо алаф иаҳаит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хьиба
Беслан Хьиба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КВН аԥсуа премиер-лига афинал акы аабатәи ахәмарра алҵшәақәа, насгьы агәыԥқәа рлафҳәашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ахәмарра аӡбаҩ Беслан Хьиба.
Хьиба апремиер-лига афинал акы аабатәи ахәмарразы: ахәаԥшҩы игәы иақәшәо алаф иаҳаит

"Алаф абзиабаҩцәа рзы уи амш ныҳәак иаҩызан, избанзар алаф бзиа ануаҳауа гәырӷьароуп. Иумоу зегьы ухаршҭны арлахҿыхра уҽазукуеит, иаргьы ахы иалнаршоит агәалаҟазаара бзиа узаԥҵара. Ахәмарра урысшәала мацара имҩамсит, иҟан аԥсуа лафгьы. Иаҳҳәап, тҟәарчалаа рлаф еиуеиԥшымызт, убри аҟнытә ахәаԥшҩы игәы иақәшәо алаф иаҳар илшон. Тҟәарчалаа ракәзар, дара рлаф аҿы иацәыԥхамшьакәа ақалақь апроблемақәа ирылацәажәоит, урҭ аадырԥшуеит. Уи бзиангьы ирыцааиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Хьиба.

Аԥсуа премиер-лига афинал акы аабатәи ахәмарраҿы актәи аҭыԥ еицеиҩыршеит агәыԥ "Авангарди" "Тҟәарчали". Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп пицундаа. Ахԥатәи аҿы - аерманцәа ргәыԥ.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0