"Ахьшәашәрақәа шааҟалалак амаамынқәа зҭатәоу аклеткақәа рышьҭахь иҟоу аҩнхәыҷқәа рҿы иаразнак иаҿаркуеит аԥхарра, иара афымцалашара иадҳәалоуп. Алашара аныҟамла амаамынқәа, ҳәарада, ирныԥшуеит. Дара иаразнак ахьҭа иакуеит. Ҵыԥх лассы-лассы идырцәоз афымцалашара амаамынқәа ирзеицәахеит, ахьҭа злаланы иаҳцәыԥсызгьы ыҟоуп. Амаамынқәа ахьҭа рыламларц азы алаҵақәа ҳәа акгьы рзыҟаҳҵаӡом, избанзар дара аԥсабараҿы иҟоушәа иҳааӡоит. Ахьҭа злалаз ҳархылаԥшуеит, дара иаразнак хазы игоу ауадахь ииаҳгоит. Есҽны аҳақьымцәа иҭырҵаауеит ахәыҷқәеи ахшаара зоураны иҟоуи", - ҳәа еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сабша-мҽышала узынхаӡом" – ақыҭа ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа ртәы
Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Акаҷыҷ, Аҳардан, Амлахә: аӡахәа, ажь, аҩы аԥсуаа ркультураҿы
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу: аҩы аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Аԥсны ацхырааразы иааны иҟаз Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҳақьым хада Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Ренат Курбанови.
Аслан Бжьаниа Урыстәыла АА амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь амедусзуҩцәа гәык-ԥсык ала русураз, рыцхыраараз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Агоспиталь аиҳаб иакәзар, уи аҭакс ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аҳақьымцәа русуразы ирзыҟаҵаз аиҿкаара. Ахада агоспиталь аиҳабы ианеишьеит аҳаҭыртә шәҟәыбӷьыц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшо иҟан.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит жьҭаара 19 рзы, адырҩаҽны аусурагьы иалагеит.
Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Двинианин амобилтә госпиталь амедусзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа риҭеит