Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гындиа Акаԥа ақыҭан абна амцакразы: аԥсабара ҳацымхраар, амца аиааира уадаҩхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГиндия Сатбей
Гиндия Сатбей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан ишбылуа 20 гектар рҟныӡа абна.
Гындиа Акаԥа қыҭан абна амцакразы: аԥсабара ҳацымхраар, амца аиааира уадаҩхоит

"Иахьа асааҭ жәба рзы амцарцәаҩцәеи абнахьчаҩцәеи еицны ихалан амца арцәара иаҿуп. Иҳамоу аинформациала 10 инаркны 20 гектар рҟынӡа абна абылра иаҿуп. Атехника уахь инеиртә иҟам, амашьына ахьынӡанеиуа ҳнеиуеит, анаҩс шьапыла 5-6 километр ицатәуп. Аҷкәынцәа напыла амца арцәара иаҿуп. Ааигәа-сигәа анхарҭатә ҭыԥқәа ыҟаӡам, аха иқәчуа алҩа ауааԥсыра ԥырхага рнаҭоит, ақалақь ахь илбаауеит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит амца аанкыларазы, аха аԥсабара ҳацымхраар иҳалшо маҷуп. Ацхыраара аҳәаразы азҵаарақәа цәырҵуа иалагахьеит, аха макьана ҳалшарақәа зегьы ааҳарԥшыроуп, избанзар, аҳаирплан аагара уигьы ауадаҩра ду зцу зҵаароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гындиа.

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа амцакра шыҟалаз гәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Иҟоу агәаанагарала амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0