Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиа: ахәыҷқәа ахәыҷбаҳча ашьҭахь ахьхьаҳәа ҩ-бызшәак рыла ицәажәо аҟаҵара ҳагәҭакуп

© SputnikИнал Габлиа
Инал Габлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа онлаин аҵаразы ашкол "Алашарбага" анапхгаҩы Инал Габлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, еиҭеиҳәеит аԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа атәы.
Габлиа: ахәыҷқәа ахәыҷбаҳча ашьҭахь ахьхьаҳәа ҩ-бызшәак рыла ицәажәо аҟаҵара ҳагәҭакуп

"Сгәы иаанагоит аус ҳазҿу даара акыр аҵанакуеит, алҵшәагьы аиухьеит ҳәа. Ҳбызшәа еиқәырханы, нас арҿиара - абри ауп ҳхықәкы хада, ҳашкол зааҳартызгьы. Аметодика ҳарҵаҩцәа рымчала еиқәҳаршәоит, аус адааулоит, иаҳҳәап, арҵага шәҟәы иацым аԥҟарақәа, аҩныҟатәи адҵақәа. Иааиуа ашықәс азы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа афонд иҭнажьырц ауп аԥсуа бызшәа арҵаразы аметодика ҿыц. Иара ахәыҷбаҳчақәа рзоуп изыҟаҳҵаз, саргьы убри апроект садгылоуп. Уажә ааигәа ҳаҟан Ҭырқәтәыла. Ҳахәаԥшит уа ирымоу аԥышәа аҭырқәшәеи англыз бызшәақәеи рҵаразы. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы арҵаратә система шьақәгылоуп ҩ-бызшәак рыла. Асахьаҭыхра инаркны, ашәаҳәара, акәашара, иарбанзаалак амаҭәар ҩ-бызшәак рыла ирҵоит. Ахәыҷбаҳча ианалго аамҭазы ахьхьаҳәа аӡеиԥш аҭырқәшәеи англыз бызшәеи рҳәоит. Ҳаргьы ус ишьақәҳаргылар ҳҭахуп", - иҳәеит Габлиа.           

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0