Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа иаԥсахаз аусумҭақәа рзы: ҳаицҿакны ҳабжьы раҳҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашәба
Арда Ашәба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы акомиссиа ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит апремиа анашьаразы аусумҭақәа шалыркааз.

Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахаз ашәҟәыҩҩцәа аҳамҭа рнапаҟны ирыҭахоит хәажәкырамза 11, 2020 шықәса рзы, апоет иирамш аҽны.

Ашәба Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа иаԥсахаз аусумҭақәа рзы: ҳаицҿакны ҳабжьқәа раҳҭеит

"Хышықәса ирылагӡаны иҭыҵыз рахьынтә акомиссиа иадгалаз рҟнытә ҩ-усумҭак алхын. Уи Валентин Коӷониа иҩымҭа "Сыкәты шкәакәа", Геннади Аламиа иусумҭа "Нарҭашәа". Акомиссиа алахәылацәа зегьы урҭ аҩымҭақәа ҳрыԥхьан еилҳаргахьан, нас акьыԥхь ахь ақәҿыҭыбжь ҟарҵарцаз ирылаҳҳәеит. Ажурнал "Алашара" ахәбатәи аномер ақәҿыҭыбжьқәа ԥшьба анылеит. Урҭ рыхҳәаа ҳаԥхьан, еилырганы, акомиссиа алахәылацәа зегьы еицҿакны ахәшьара бзиа арҭеит. Маӡалатәи абжьыҭирала апремиа аиуразы аҵәҭаԥсара мҩаԥаагеит. Валентина Коӷониа акомиссиа дахьалаху аҟнытә иара иусумҭа азы ибжьы аиҭаӡомызт. Геннади Аламиа иҩымҭа "Нарҭашәа" абызшәа ссир аҵоуп, иара аепос злаҩу абызшәа аҵкыс улымҳаҿ иааиуа, ахәыҷқәа ирҳәаша бызшәала иҩуп, убри аҟнытә акомиссиа иалаз зегьы ҳаицҿакны абыжьқәа аҳҭеит", - иҳәеит Ашәба.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0