Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

"Динамо" ахәмарыҩцәа еиҭарҳәеит ахәыҷтәы турнир шымҩаԥыргаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеон Делба, Аинар Григолиа
Леон Делба, Аинар Григолиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә клуб "Динамо" ааӡамҭацәа ахәыҷтәы шьапылампылтә лига иачемпионцәахеит. Акоманда ашьапылампыласцәа - ажәылаҩ Аинар Григолиеи ахьчаҩбжа Леон Делбеи - арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭарҳәеит атурнир шымҩаԥыргаз.
"Динамо" ахәмарыҩцәа еиҭарҳәеит ахәыҷтәы турнир шымҩаԥыргаз

"Алигаҿы ихәмаруан Гәдоуҭа, Афон, Маҷарка рҟнытә акомандақәеи Аҟәатәи "Нарҭи". Ахәмаррақәа цон мызкы, урҭ реихшьаалала ҳара аиааира ҳгеит. Акомандақәа зегьы ӷәӷәан, аха зегь реиҳа - Гәдоуҭа акәхеит. 2:1 ҳәа дара рҿы ҳаҵахеит, аха егьырахь зехьынџьара аиааира ҳгеит", - иҳәеит Леон Делба.

Ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа арадио ефир аҿы ирҳәеит еицырдыруа акомандақәа рҟнытә иаҳа иалыркаауа.

"Сара саԥхьаҟагьы схы ашьапылампыл иадысҳәалар сҭахуп. Акомандақәа рҟынтә зегь раасҭа "Ливерпуль" аҿы сыхәмарырц сҭахуп. Еизгоу акомандақәа рҟнытә Англиа алысхуеит", - иҳәеит Леон.

Аинар Григолиа иакәзар, акомандақәа рҟнытә "Барселона" аликаауеит. Знымзар зны уа дыхәмарырц иҭахуп, еизгоу командақәа рахьынтә Испаниа аликаауеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0