Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аполитолог Ԥлиаԥҳа: ахшыҩ ауп аҳәынҭқарра еиҿызкаауа

© Sputnik / Томас ТхайцукДалила Пилия
Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитолог, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит ари ашықәсазы зегь реиҳа ихадоу хҭысны ишыҟоу- атәыла хада иалхрақәа.
Ԥлиаԥҳа: ахшыҩ ауп аҳәынҭқарра еиҿызкаауа

"Аԥсны имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа, абас иаагәылганы алацәажәара гәаӷьыуацәоуп, Урыстәыла иадҳәаламкәа. Урыстәыла имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа ҳара анырра ҳарымҭар руӡом. Урыстәыла иаҳнаҭо ацхыраара ишаҳҭаху еиԥш иманшәалахон, иара ӷәӷәазҭгьы. Аурыс иахьа бџьарла данеибыҭамха, атәыла аус цәгьахоит, иубаратәы иҟоуп ааигәа-сигәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа рхымҩаԥгашьала… Абарҭ зегьы еилкааны аполитикатә процессқәа ҳтәылаҿы имҩаԥысуа, ҳцәаҩа бзиа аарԥшны, аекономика ашьҭыхра ҳазгәышьуа ҳҟалар, абри ауп зегьы иаҳҭаху. Алхрақәа мҩаԥысит Аԥсны, уи иаанаго ҳара хаз игоу ҳәынҭқарроуп, аха иҟан аԥынгылақәа, урҭ ируакуп аоппозициа ахаҭарнак иԥсҭазаара ашәарҭара иахьҭагылаз, аха алхрақәа рхаҭагьы агәынамӡара дуқәагьы рыцуп. Еиҿкааны, еилкааны, абри абас ауп ҳәа азиндырыҩцәа аихшьаала ҟарҵар акәын, аха зиндырҩык днагыланы дхьамԥшкәа ишьҭахьҟа, изԥырхагахарыда ҳәа дымшәо дмырҳауа ииҳәаз ҳмаҳаӡеит. Ииашоума атәыла ахада иалхра? Зегьы дара ртәы рҳәоит. Ас еиԥш ацәажәарақәа аҳәынҭқаррақәа рҿы иҟамлароуп, ари рыцҳароуп. Аҳәынҭқарра еибаркны изку ахшыҩ ауп. Лабала Аԥсны еиқәҳархеит, ари нахыс хшыҩла мацароуп ишаҭаху ", - ҳәа лҳәеит Ԥлиаԥҳа.                     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0