Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ртәы

© SputnikМилана Абшилава
Милана Абшилава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Милана Аԥшьаалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аусбарҭа аусура ахырхарҭа хадақәа ртәы.
Аԥшьлааԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа ртәы

"Аԥсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭақәа хадақәа ируакуп Урыстәыла астратегиатә еиҩызара арӷәӷәареи, ҳтәыла жәларбжьаратәи азхаҵара аиуреи. 2019 шықзса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵақәаз атәылақәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ӷәӷәақәа раԥҵареи, анаҩс аимадара ҿыцқәа раԥҵареи азы активла аусура мҩаԥган ҳәа азуҳәар алшоит. Атәыла ахьыӡ бзиа аиҿкаареи, ииашоу адәныҟатәи аполитикатә информациа адунеи азнагареи хшыҩзышьҭра аҳҭоит. Аҳәаанхыҵ атәыла иаҭаауаз ауаа авизақәа рзыҟаҵара, иара убас аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аусшәҟәқәа рыдгалара, хаз игоу ашәҟәқәа рыргаматәра уҳәа. Ажәакалаа, ҳусбарҭа напынҵас иамаз, қәнагала, азакәан аҳәаақәа ирҭымгакәа инаныгӡон", - ҳәа еиҭалҳәеит Аԥшьлааԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0