Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба: Риҵа ирҭиуа аалыҵ ԥаршеиқәа рҵыхәа ԥҵәатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит сынтәа Риҵа ирҭиуа аалыҵ ахаҭабзиара азҵаара хықәкыла аус адырулараны ишыҟоу.
Саманба: Риҵа ирҭиуа аалыҵ ԥаршеиқәа рҵыхәа ԥҵәатәуп

"Даара имаҷны аус адааулеит сынтәа Риҵа, избан уҳәозар, иара апроблема ахаҭа аныҟаз алхрақәа мҩаԥысуан, урҭ ирхырҟьаны уамак ҳҽадҳамцалеит ари азҵаара. Сынтәа ари ауадаҩра иалкааны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп. Риҵа ирҭиуа аалыҵ ԥаршеиқәа рҵыхәа ԥҵәатәуп. Уи ишахәҭоу еиԥш сынтәа ҳазнеип ҳәа сгәы иаанагоит. Ари ашықәс азы адҵақәа рыҭоуп, ҳара ҳусбарҭа мацара акәым, иара егьырҭгьы ари азҵаара аҭакзыԥхықәроу. Зегьы ҳаицхырааны ари акахьы икылаагап ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа Риҵа ирҭиуа аҩы, уи ҩым. Ацха угозар, абзиагьы зҭиуа дыҟоуп, аха иҽеимгьы зҭиуа дыҟоуп. Иаарласны алабораториагьы ҳаураны ҳаҟоуп, аалыҵқәа гәаҳҭар ахьзалыршахо, уи Москва имҩаԥаагаз аиҿцәажәарақәа ирлыҵшәахеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Саманба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0