Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҟәысба Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы: ҷыдала ҳрызҿлымҳауп, ҳгәы хьаауа ҳаԥшуеит

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуаа ркультуратә хеилакқәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа хьаала ишрыдыркыло.
Аҟәысба Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы: ҷыдала ҳрызҿлымҳауп, ҳгәы хьаауа ҳаԥшуеит

"Анцәа ҳаԥсадгьыли ҳауаажәлари ихьчааит, ҷыдала ҳрызҿлымҳауп ахҭысқәа, хгәы-ҳаԥсы Аԥсны иҟоуп. Иаха ҳмыцәаӡеит сҳәар ииашоуп, даара ҳгәы хьаауа ҳаԥшуеит. Уа аоппозициа аҟны иҟоугьы аҳәынҭқарра анапхгарагьы, адепутатцәа, аусӡбаҩцәа, ҳашьцәа зегьы ирдырыр ҳҭахуп Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар ракәӡам изхагылоу, Ҭырқәтәыла иҟоу 500 нызқьҩык инархыҳәҳәо аԥсуа жәлар инарыдкыланы, адунеи аҟны 54 ҳәынҭқарраҿы иҟоу аԥсуаа зегьы реиҳабацәа роуп. Ҳаԥсадгьыл анапаҿы иахьа иҟоу ашансқәа ҳажәлар шәышықәсала иззықәԥоз роуп... ахақәиҭразы иҭахаз рыԥсы иадыруеит, идырҭынчуам ас еиԥш ахҭысқәа… Аҳәынҭқарра иусбарҭаҟны иҟалаз ахҭысқәа ҳбеит, иаҳҳәогьы ҳҿамшәо ҳҟалеит. Ас еиԥш ажәытәангьы уажәгьы  иҟамлар акәын. Аиҳабацәа еилатәаны еилацәажәароуп, сара анс егьи арс иитахуп ҳәа акәымкәа, ҳажәлар ирызхәыцны ӡбашьак рыԥшаароуп", - иҳәеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0