Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба атәыла ахада имчра аиҵатәразы: ишатәуп, аха ишәаны-изаны иҟаҵатәуп

© SputnikНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы Нугзар Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны атәыла хада инапынҵақәа реиҵатәразы ауснагӡатәқәа шымҩаԥгатәу.
Ашәба атәыла ахада имчра аиҵатәразы: ишәаны-изаны, ҩажәи жәохә-ҩык апрезидентцәа ҳмоурцаз

"Уи сара сазхәыцуеижьҭеи акрааҵуеит. Ҩажәа шықәса раԥхьагьы ҳалацәажәон, иҟаҵатәуп ҳәа ҳазхәыцуан. Аха рыцҳарас иҟоу атәылахадарахь амҩа ианықәлоз ҳполитикцәа уи рҳәон, аха уа ианнеилак ҳааԥшып, уажә иаамҭам ҳәа иахыргон. Жәытәнатә аахыс аԥсуаа ажәлар рызҵаара аӡәы ианыиӡбоз иақәыӡбон, ԥыҭҩык ианырыӡбоз уи иаҳа пату ақәын, ас аиҿагылара аҟынӡа инанагомызт. Амчра шатәуп, аха уи ишәаны изаны иҟаҵатәуп. Атәыла ахада иусқәа зегьы Жәлар реизара адепутатцәа ирылаужьыр, ҩажәи жәохәҩык апрезидентцәа иоуеит, убас иҟамлартә еиԥш иҟаҵатәуп. Инаӡоу Аԥсны аԥыза-министр дыҟазароуп, иара аконтроль изыруазароуп Апарламент", - иҳәеит Ашәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0