Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба: абаҳча змоу уажәы аус адырулар, аҳауа "апровокациа" маҷк иааннакылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукФедор Тарба
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡын аԥхаррақәа ирыхҟьаны ашәырҵлақәа маҷк рыхьчаразы иҟаҵатәу, насгьы аиҭаҳатә азы иарбан аамҭоу иаҳа иманшәалоу.
Ҭарба: абаҳча змоу уажәы аус адырулар, аҳауа "апровокациа" маҷк иааннакылоит

"Аӡын агәҭа ҳҭагылоуп, аха уажәтәи аԥхаррақәа раан аԥсабара маҷк ииашамкәа ахы мҩаԥнагоит. Аԥхарра иҟоу аҵиаақәа рзы иҽеим. Еиҳарак уажәазы ишәарҭоу атама, абҳәаса, абҳәа, аҵәагьы рпытҟәырқәа цәырҵыр ҟалоит. Ҽынла иҟоу аԥхарра иахҟьаны аҵлақәа аӡы рылалар ҟалоит. Уи хәыҷык аанкыларазы абаҳча змоу абыржәы аус адырулыр, еилырхыр аҵлақәа, иааннакылар ҟалоит уажәы аԥсабара иҟанаҵо "апровокациа". Ацитрус шәырқәа рыда егьырҭ аҵлақәа еилырхыр ҟалоит. Иара убас ашәырҵлақәа ҭынч еиҭауҳартә аамҭа ыҟоуп, ацитрусқәа уахь иаҵанакуам", - иҳәеит Ҭарба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0