Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа Адиле Аббас-оглы лзы: лгәалашәарақәа ҭоурыхтә баҟаны иаҳзынлыжьит

© SputnikЭсма Джикирба
Эсма Джикирба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сталинтәи арепрессиақәа зхызгаз Адиле Аббас-оглы илызкыз афильм автор, Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Есма Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит аԥсҭазаарацәҟьа агәра аныумгоз аамҭақәа дагәылсит, илхылгеит, даиааит ҳәа.
Еицырдыруа ауаа: Џьыкырԥҳа Адиле Аббас-оглы илызкны

"Адиле Аббас-оглы ҳаиҿцәажәараҿы илгәалашәон данҭарк, иахьлыҿцәажәоз акабинетқәа, уаҟа икаршәыз ауарҳал зеиԥшраз, аҭыӡқәа ԥшшәыс ирымаз. Лара илҳәоз зегьы хәы змам информациоуп. Адиле убас иллахьынҵахеит аԥсҭазаараҿы зегьы дыриааины лгәалашәарақәа баҟак, ҭоурыхк аҳасабала ашәҟәаҿы иаҳзаанлыжьырц. 1930-тәи ашықәсқәа, уи аамҭаҟны зыгәра угоз даныҟамыз, аԥсҭазаарацәҟьа агәра аныумгоз аамҭақәа дагәылсит, илхылгеит, даиааит. Адиле даара иӷәӷәаз, аенергиа ду зхылҵуаз ԥҳәысын", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Дом Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны
Лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, аџьа аветеран, "Ахьӡ -Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы сталинтәи арепрессиақәа раан, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз аӡәзаҵәык лакәын.

2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".

Адиле Шахбас-иԥҳа ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 24 рзы 100 шықәса лхыҵраны дыҟан. Иахьа Адиле Аббас-оглы аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргоит Аҟәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0