Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониаԥҳа акоррупциа аҿагыларазы азакәан азы: изԥырхагоу ыҟоуп ауп издыргәагәогьы

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлеонора Коӷониаԥҳа
Елеонора Коӷониаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоррупциа аҿагыларазы Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкыларазы аԥшьгаратә гәыԥ аизара мҩаԥнагеит. Уи далахәын ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ари ахәҭаҷ азы лгәаанагара атәы.
Коӷониаԥҳа акоррупциа аҿагыларазы азакәан азы: изԥырхагоу ыҟоуп ауп издыргәагәогьы

"Сара уи астатиа ахьышәҭҳәа аԥсуа ҳәынҭқарра иамоу акоррупциатә проблема аӡбоит ҳәа сыԥхьаӡаӡом, аха сазхәыцит, избан абри азакәан адкылара быжь-шықәса рыҩнуҵҟа издыргәагәои абарҭ адепутатцәа ҳәа. Ҭакс схы иасҭазгьы уи ауп: ус анакәха - изԥырхагоу дыҟоуп, уи ауп издыргәагәогьы. Бааԥсык ҳәа ак аманы избаӡом. Ҳара Жәлар Реизара адепутатцәа залаҳхуа ауаажәларра ирыхәо азакәанқәа, акоррупциа ҵызшәаауа азакәанқәа рыдыркылаларц азоуп. Хымԥада, уи азҵаарақәа зегьы аӡбоит ҳәа, ахаан акоррупциа ҟалаӡом ҳәа аҳәара сцәыуадаҩуп, аха маӡасгьы иаҵоу сзеилымкааит. Даара ҿыӷәӷәала иқәдыргылеит азҵаара аԥшьгаратә гәыԥ аизараҿы, Апарламент ашә ҵырхаарцгьы ргәы иҭоуп. Азакәан ҩынтә иахәаԥшхьеит, шьҭа иагу-иабзоу ҳәа иахәыԥшыр акәын… Абри рыдрымкылакәа алхрақәа ҟалашьа рымам ҳәа аҳәамҭақәа ыҟан аизараҿы", - ҳәа азгәалҭеит Коӷониаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0