Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷба Владимир Высоцки изы: хыхь Анцәа, ҵаҟа иара ҳәа акәын ҳашихәаԥшуаз

© Sputnik / Томас ТхайцукВиачеслав Амҷба
Виачеслав Амҷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки хаҭала дызбахьаз Виачеслав Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит уи ихыԥша зеиԥшрази, иара убас еиҭеиҳәеит данстудентыз иконцерт азеиԥшынхарҭаҟны аиҿкаара шалыршахази ртәы.

Ажьырныҳәа  25, 1938 шықәсазы диит апоет, акинои атеатри рактиор, ашәақәа рынагӡаҩ, апоезиатә аԥҵамҭақәеи асценариқәеи равтор, СССР Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Владимир Высоцки. Иара иаԥиҵаз ашәақәа хитхеит.  Владимир Высоцки иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25, 1980 шықәсазы.

Еицырдыруа ауаа: Амҷба Владимир Высоцки изкны

"Владимир Высоцки анцәа даара абаҩхатәра злаиҵаз ҷкәынан. Иашәақәа ирзыӡырҩхьоу, ипоезиа иаԥхьахьоу игәы аҟынӡа имнеир ауӡом. Иара ишиҳәаз еиԥш, "Поэты ходят по острию ножа и ранят об нее свои босые души" ҳәа зҳәахьада? Иара ҩнуҵҟала убриаҟара дбеиан, ицәаҳәақәа заҳауаз ргәаҟынӡа инеиртә абаҩхатәра илан. Сара санстудентыз аамҭазы хыхь Анцәа, ҵаҟа иара ҳәа акәын ҳашихәаԥшуаз. Џьара ԥенџьарк аартызар, иара иашәақәа ракәын иуаҳауаз Ростов аҵара ахьысҵоз. Арахь иара џьаргьы официалла аконцертқәа рымҩаԥгара азин ирҭаӡомызт, дхәаҽны дрыман, аха абаҩхатәра злоу дузыҵәахуам, еиҳарак аҿар зегьы бзиа дырбон", - иҳәеит Амҷба.

Иара игәалаиршәеит истудентра ашықәсқәа раан иҩызцәеи иареи аԥара рҳаны Ростов азеиԥшынхарҭаҟны Высоцки иконцерт аиҿкаара шрылдыршаз.

"Сахьынхоз ауадаҟны гәылак дсыман, дпапын. Уи имашьына ныҟәызцоз ижәны дыҟан, иуҭахызар уара иныҟәца иҳәан, ацаԥха сиҭеит. Амашьына ныҟәысцон, аха азиншәҟәы сымамызт. Иҟалалак ҟалааит ҳәа сҩызаки сареи ҳаиԥылеит Высоцки… Ростов иреиӷьыз асасааирҭа дыҩнаҳҵеит, адырҩаҽны асааҭ 12 рзы ҽынла ҩбаҟа сааҭ аконцерт ҳзыҟаиҵеит, ашәа ҳзиҳәеит. Иԥсымчхара убриаҟара ицәырҵит иконцерт аан, уи акалашәа уҟанаҵон, сылаӷырӡгьы ааит", - иҳәеит Амҷба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0