Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба акамшьиазы Апарламенттә еилакы аилатәаразы: ажәлар ргәынамӡара иахылҿиааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Тарба
Астамур Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара Аграртә политикеи, аекологиеи, аԥсабаратә ресурсқәеи рзы аилак ахантәаҩы Асҭамыр Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акамшьиа азҵаара иазкны имҩаԥысыз аилатәараҿы излацәажәоз.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба акамшьиа азҵааразы аилатәара иазкны

"Феисбук аҿы ицәырҵыз авидеонҵамҭақәеи ацәажәарақәеи ирхылҿиааз аилатәароуп имҩаԥгаз. Уи азҵаара иалацәажәарц ааԥхьара рыман аекологиатә прокурор, аекологцәа рхаҭақәа, азауад аиҳабацәагьы. Дара ражәақәа рыла, ҳәарада, иҟоуп 500 метратәи ацәаҳәа анеиларго, уи зыхьҟьо ҳәа иҳарҳәазгьы уи ауп: аӷба акаҭа андыршәуа, 600-700 метра ацәаҳәа аҟнытә, ианҩахо аамҭазы аӷба аӡы иагоит, убасҟангьы ацәаҳәа иахысуеит, аха акаҭа шыҟаҵ иаанхоит. Убри аҟнытә аԥҟара еилагара ӷәӷәа ҳәа ыҟам. Аха Урыстәыла аҳәаахьчацәа иҳарҭаз аилагарақәа рҟнытә актқәа ҩны, ахараԥса ылҩааны, аекологиатә прокуратурахь идәықәҵоуп. Аԥсыӡкыҩцәа рхеилак ахантәаҩы иаҳирбеит афотоҭыхымҭақәа ахқәа зықәшәаз аӷба ахьану. Ҳмаҵзурақәа ирыҭоуп адҵақәа уи аус аҭыԥ ақәҵаразы. Ашәарҭадаратә маҵзурақәа аус зуа аӷбақәа ҭынч аус рурцаз ргәырҽанҵоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0