Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бармышьаа афымцалашара аамҭала арцәаразы: амаругақәеи аалыҵ ахаҭабзиареи ирныԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРадик Бармышьаа
Радик Бармышьаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ачазауадқәа руак аҟны аус зуа агәыԥ аиҳабы Радик Бармышьаа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит афымцалашара арцәара русура ишаныԥшуа атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Бармышьаа афымцалашара арцәараан ачазауадқәа русура атәы

"Аиаша ҳҳәозар, раԥхьа иргыланы аус злаҳуа амаругақәа ирԥырхагоуп, насгьы аалыҵ ахаҭабзиара иаԥырхагоуп. Амаругақәа зегьы иахьа аелектроникала иҟаҵоуп, аҳәаанырцәынтә иаагоуп. Афымцалашара зны лада, даҽазны ҩада иԥыоит, урҭқәа ирыхҟьаны амаҭәахәқәа ԥхасҭахоит, иҟазҵогьы даара имаҷуп. Ачаӡраан алашара бзиазароуп, 30 минуҭ рыла иуӡуа сааҭқ иҭаургылар ахаҭабзиара лаҟәуеит, иаазхәогьы ирҭаххом. Анаплакқәа аԥхасҭа роуеит. Афымцалашара арцәараан адизельқәа аус руеит, ауаа ача рыгымхартә иҟаҳҵоит", - иҳәеит Бармышьаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0