Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аршба MITT аԥыхра иазкны: Аԥсныҟа иаауаз атуристцәа рхыԥхьаӡара ианыруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Аршба
Саид Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациатә ҟәша аиҳабы Саид Аршба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит есышықәсатәи атуристтә цәыргақәҵа MITT акоронавирус иахҟьаны аԥыхра Аԥсны ишаныԥшыз атәы.
Аршба MITT аԥыхра иазкны: Аԥсныҟа иаауаз атуристцәа рхыԥхьаӡара ианыруеит

Хәажәкыра 17 инаркны 19-нӡа Москва имҩаԥысраны иҟаз Урыстәылатәи зегь реиҳа идуу атуристтә цәыргақәҵа Mitt-2020 аԥыхуп акоронавирус иахҟьаны. Ацәыргақәҵа иалахәхараны иҟан Аԥснытәи атурфирмақәагьы. 

"Ари ацәыргақәҵа иаҳнаҭоз рацәан, адунеи зегь аҿы еицырдыруа атуристтә фирмақәеи ҳареи аимадарақәа ҳабжьаҳҵон, ҳаилацәажәон. Уи иалҵшәаны Аԥсныҟа иаауаз атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳахон. Сынтәа аҭагылазаашьа шәарҭоуп, аҿкы чымазара адунеи зегь аҿы алаҵәара ахьамоу аҟнытә. Урыстәылатәи атуризм рыуаажәлар ирыларҳәеит аҳәаанырцә аныҟәарақәа мап рцәыркыртә еиԥш, убри аан Шәача, Ҟрым иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рацәаҩхоит, уи ианыԥшит заанаҵтәи аҿаҵақәагьы. Апресс-турқәа ракәзар, дара ишазгәаҭаз еиԥш имҩаԥгахоит", – ҳәа еиҭеиҳәеит Аршба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0