Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба акоронавирус азы аԥсшьаҩцәа рганахьала Аԥсны иаԥҵоу аԥкрақәа рзы: изаацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамыр Ахба
Астамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аотелиерцәа ргильдиа ахантәаҩы Асҭамыр Ахба аԥсшьаҩцәа рганахьала Аԥсны иаԥҵоу аԥкрақәа рзы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Ахба акоронавирус азы аԥсшьаҩцәа рганахьала Аԥсны иаԥҵоу аԥкрақәа рзы: изаацәоуп

Аԥсны атәыла ахада инапынҵақәа наӡыгӡо Валери Бганба акоронавирус аҽацәыхьчаразы иҟаиҵаз абжьгарақәа рахь иаҵанакуеит ҳтәылахь иаауа аԥсшьаҩцәа аныҟәарақәа рзеиҿкаара мап ацәкра, насгьы хәажәкыра 20 инаркны мшаԥымза 7-нӡа атуристцәа зҭаауа аҭыԥқәа Риҵатәи амилаҭҭә ҳәырԥссара, Аботаникатә абаҳча, Афонтәи аҳаԥы уҳәа реиԥш иҟоу атуристтә ҭыԥқәа раркра. 

акарантин - Sputnik Аҧсны
Аԥсны авирус аҽацәыхьчаразы ауснагӡатә цҵақәа алагалоуп

"Макьана заацәан ас еиԥш аԥкрақәа ралагалара. Урыстәыла атуристтә компаниақәа ишрабжьаргаз еиԥш иахәҭоу абжьгарақәа рыдыркылар акәын. Аҿкы макьана Аԥсны иахьаҵанакуа иара Краснодаргьы аҭагылазашьа зынӡа ишәарҭаны ҳәа иҟам. Ҳаҭала сара Москва сыҟан, ауаа зынӡа иныҟәаӡом уҳәар иашам. Ҳара уажәааны атуристцәа рацәаҩны иҳамаӡам, аха Шәача рхыԥхьаӡара рацәоуп, избанзар атәым ҳәынҭқаррақәа рахь изцаӡом. Шәача иаазгьы Аԥсны даар иҭаххоит, уи уаҵәтәи аус азы аус аулон, ҳаԥхьаҟа дазхәыцларын арахь данааша ҳәа", - иҳәеит Ахба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.  

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0