Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лацәышԥҳа онлаин аҵаразы: зегьы ишрылымшогьы, гәыԥҩык аҿуп

© Foto / из личного архива Лацушба АсидыЛацәышԥҳа Асида
Лацәышԥҳа Асида - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион аҵара аҟәша аиҳабы Асида Лацәышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит арҵаҩцәа гәыԥҩык хатәгәаԥхарала онлаин аҵара аус шымҩаԥырго атәы.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Лацәышԥҳа Гал онлаин аҵаразы

"Ҳраион аҿы иҟоуп онлаин аурокқәа мҩаԥызго. Раԥхьаӡа акәны знапы алазкыз аурыс бызшәеи алитературеи рзы араионтә методист хада лоуп. Лара кураторс дахьыҟоу рҿы иалагалоуп. Иҟоуп аиҵбыратә классқәагьы онлаин урокқәа мҩаԥызго Учи.ru. ахархәарала. Аха уи азгьы иҟоуп ауадаҩрақәа рацәаны, раԥхьа инаргыланы аинтернет ахархәара зегьы ирымам, иҩбахаз - аҭелқәеи акомпиутерқәеи ус. Класск аҿы 20-ҩык ыҟазар, онлаин аурок зегьы алахәым. 2890-ҩык араион аҿы аҵара зҵо актәи акласс инаркны 11-тәи рҟынӡа рахьынтә онлаин аурок иахысуа рацәаҩӡам, ақалақьтә школқәа рҿы 600 ахьҭоу рахьтә бжьаратәла 35-ҩык роуп изылшо. Араион аҿы иҟоу ақыҭа школқәагьы аҵара процесс мҩаԥыргоит. Доусы ишрылшо еиԥш, шьоукы аинтернет ахархәарала, даҽа шьоукых инеизас-ааизасуа аҩныҟатәи адҵақәа неимырдоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Лацәышԥҳа.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0