Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа адунеизегьтәи аекономикатә акризис азы: Урыстәыла алҵра рзыманшәалахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукVIII Абхазо-российский деловой форум
VIII Абхазо-российский деловой форум - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономист Заур Шьалашьаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит акоронавирус иахҟьаны аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿы иҟалаз аекономикатә кризис иахьынӡаҵаулоу.
Шьалашьаа адунеизегьтәи аекономикатә акризис азы: Урыстәыла алҵра рзыманшәалахоит

"Акризис излагаз, аҭоурых ала уахәаԥшуазар, ес-жәашықәса иҟалалон, аха иахьа иҟалаз зегьы, изларҳәо ала, аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь иҟаз аҭагылазаашьа инаваҟәыло иҟоуп рҳәоит. Адунеи аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа зегь зыԥсахуа акакәны ишыҟоу ҳәатәуп аекономикеи аполитикеи. Ачымазара анрылаҵәа ахшыҩԥсахра ҟалеит, зегьы хазы-хазы ишцоз, уажәы зегьы шеизааигәо ишеидҳәало аанарԥшит. Ари агуманитартә катастрофоуп уҳәар ауеит избанзар зегьы аҵанакит. Зҽазыҟаҵан иҟаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт, аха аҵыхәтәантәи аамҭаз Урыстәыла иҟанаҵоз ашьаҿақәа шиашаз убаратәы иҟоуп, уи имҵәахыкәа атәым тәылақәа зегьы еидкыланы изҿыз шиашаз убаратәы иҟоуп. Насгьы ҳаԥхьаҟа иаҳа алҵрагьы рзыманшәалахоит. Аекономика аганахьалагьы, иалымкьысуа аҳәынҭқартә мал рыман, уажәы уи иагхазаргьы, адоллар ахә анкаҳа нахыс, ус ишыҟоугьы, зегь реиҳа еиҵаны ахарџь рықәшәаны Урыстәыла алҵуеит", - азгәеиҭеит Шьалашьаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0