"Иҟоуп убыс еиԥш ажәаԥҟа ажәлар рхәы ажәлар ируроуп ҳәа. Ачымзара иахҟьаны ҳзауадқәа аус руӡом, абиуџьеҭ ахь иҭазгалараны иҟоу анаплакқәа русура аанкылоуп. Аԥара азхаӡом. Атәанчахәы, ацхырааразы ауаажәларра ирызшәахо аԥара абиуџьеҭ ахь иҭамлар, иҳазшәаӡом. Аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә усбарҭақәа ирылаҳәоуп ақыҭа ахадацәа рҟынтә заҟа дгьылҵакыра цәаӷәатәу аилкааразы. Сынтәа ҳгәы излаанаго ала, ицәаӷәатәны иҟоуп аа-нызықь гектар рҟныӡа. Анхаҩы уи аԥара ахыишәаауазаргьы, уа дыхзырҵәо ҳәа акгьы ыҟам. Аамҭа бааԥс ҳҭагылар ауеит, зегьы ҳхы ҳашьҭалароуп. Ажәлар аибашьраан иҭаргалаз аҽаҩра ҳара ҳаиқәнархеит, аҳәынҭқарра уақәгәыӷны аԥшра аҭахым. Макьана ишьақәырӷәӷәоу ахәқәа рыла аус ҳуеит. Аха иаарласны аизара ҳаураны ҳаҟоуп, зегьы рыхәқәа ахьышьақәырӷәӷәахо, алаҵара шаҟа ақәшәо ахыԥхьаӡахо. Ԥсыхәа ахьынӡамоу ирмаҷӡаны, аҭагылазаашьа злаҟоу ала иҟаҵахоит, аха амалаҳәа ацәаӷәара ҳазыхиаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҟәа ақалақь ахадара есышықәса аицлабра рыларҳәоит адәқьанқәа, асасааирҭақәа, ахцәыҟаҵарҭақәа рыԥшәмацәа Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы рхыбрақәа арԥшӡаразы.
"…сгәы еихьнашьуеит асасааирҭақәа рҟны заанаҵы аҭыԥ аанкылара Аԥсны иахьԥсыҽу. Ашықәс ҿыц азы Европа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟны заанаҵы аҭыԥқәа ныркылоит аныҳәамшқәа рзы. Дара рхатә программа рымоуп, убас идырԥшӡоит асасааирҭақәа, иара ақалақьгьы. Ҳара ҳҟны шамахамзар идырԥшӡаӡом, еиҿыркааӡом. Аԥсныҟа сцандаз, алакә еиԥш идырԥшӡоит ҳәа иҟаӡам ҳа ҳҟны. Асасааирҭахь атур уҭиирц азы афотосахьақәа, авидео ԥшӡа ыҟазароуп", - азгәалҭеит Боџьгәаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Аҿкычымазара иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқарратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаало иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны, ихадароу ахықәкы- ажәлар ирдырыц ирықәнагоу, аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 17-Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Қьырса ныҳәа инаркны Аӡаахра аҟынӡа (ажьырныҳәа 7 инаркны 19-нӡа) иԥшьоу, ицқьоу амшқәа ҳәа ирышьҭоуп. Аныҳәа мышкы шыбжьоу чгара мшуп.
Аҽӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа.
Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит. Есышықәса Аӡаахра амш аҽни аухеи аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны аҵак дуӡӡа змоу аӡыԥшьара мҩаԥыргоит.