Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Афырхацәа рымҩала: Виолетта Ҳаразиаԥҳа Владимир Ҳаразиа изкны

© Foto / предоставлено Виолеттой ХаразияВиолетта Харазия
Виолетта Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Афырхацәа рымҩала" далахәын Асовет Еидгыла Афырхаҵа Владимир Ҳаразиа иҭынхацәа иреиуоу Виолетта Ҳаразиаԥҳа.
Афырхацәа рымҩала: Ҳаразиаԥҳа Владимир Ҳаразиа изкны

Лада-Мраҭашәаратәи афронт 28-тәи ар 169-тәи ахысратә дивизиа 307 артеллериатә полк адивизион адҵаҟаҵаҩ, алеитенант еиҳабы Владимир Ҳаразиа аԥхьатәи амшқәа инадыркны Аибашьра Ду далахәын.

Владимир Камсагә-иԥа Украина, Харьков азааигәара ақыҭа Весиолое аҟны иҭаирхеит хаҭала аӷацәа ртанкқәа ааба, иааизакны напхгара зиҭоз адивизион 30 танк ԥыржәеит. Џьырхәа ақыҭа иалҵыз 26 шықәса зхыҵуаз арԥыс уи аидыслараҟны дҭахеит лаҵарамза 16, 1942 шықәсазы. Иааирԥшыз агәымшәареи ахаҵареи рзы Владимир Ҳаразиа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иреиҳау ахьӡ - Асовет Еидгыла Афырхаҵа даԥсахеит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0