Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смыр еиҭеиҳәеит атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара аԥҟарақәа ртәы

© SputnikСергей Смыр
Сергей Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ ауристтә факультет адекан Сергеи Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла ахадас иалху иҭоубашьҭаҵара Аԥсны Аконституциаҿы ишарбоу.

Мшаԥымза 23 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны атәыла ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара.

Хра злоу ахҭысқәа: Смыр Атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иазкны

"Аҳәынҭқарра ахада изы азакәан иҳамоу ҳадаҳкылеит 1999 шықәса рзы. Аҵыхәтәантәи ариашарақәа алагалан 2014 шықәса рзы. Уа иарбоуп иалху аҳәынҭқарра ахада аҭоуба шьҭеиҵоит 30-тәи амш азы Алхратә комиссиа хада алхрақәа рҿы аиааира згаз ихьӡ анрылаҳәахо ашьҭахь ҳәа. Аҭоубашьҭаҵара, Аконституциа излаҳәо ала, имҩаԥгахоит Жәлар реизараҿы, уахь ааԥхьара рымоуп ихадоу аусӡбарҭа алахәылаҩцәа, аха ҳара иҳамоуп Аконституциатә усӡбарҭа, урҭ роуп иалахәхаранагьы иҟоу. Абраҟа ҳаԥхьаҟа иаҭахуп азакәан аҿы ариашарақәа ралагалара, аха макьана ус иаҳҳәоит. Иара убас Атәыла ахада инаиԥхьар ҟалоит иара ииҭаху асасцәа, аха иахьатәи ҳҭагылазаашьа злаҟоу ала, асасцәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Аконституациаҿы иарбоуп аҭоубашьҭаҵара мҩаԥысроуп ахҭнықалақь аҿы ҳәа. Иара убас, иарбан хыброу ахада ихаҭа иалихуеит ҳәа. Уажәы аҭоубашьҭаҵара мҩаԥгахоит аҳәынҭқарра ахада изал маҷ аҿы. Иара убас азакәан аҿы иарбоуп ишиашоу ицо аефир. Зегьы ахьзымнеиуа аҟнытә уи телехәаԥшрала абара алыршоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Смыр.

Аиҿцәажәара иаҳа инарҭбааны шәаӡырзырҩыр шәылшоит аудио аҿы, мамзарагьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0