Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цикәтаниаԥҳа Аибашьра Ду азы: саб еиҭеиҳәон ашьа икаҭәоз аҵааршәы арӡыҭуан ҳәа

© Foto / предоставлено Мимозой ЦиквитаниМимоза циквитани
Мимоза  циквитани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аусзуҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Мықә ақыҭа иалҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Ҭарашь Гәыдила-иԥа Цикәтаниа иҭоурых еиҭалҳәеит иԥҳа Мимоза.
Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз : Цикәтаниаԥҳа лаб Ҭарашь еибашьратә мҩа иазкны

"Ҭарашь Цикәтаниа Мықә ақыҭан дынхон, аибашьра ианалагоз 27 шықәса ихыҵуан. Аҩны иани иареи ракәын иахыз, иашьа Ҭемыр Амшын еиқәа афлот аҟны аполитрукс иҟаз Керч ақалақь аҟны машәырла дҭахеижьҭеи 40 мшгьы ҵуамызт аибашьра ианалагоз. Саб аҽныцәҟьа ишиаҳаз Очамчыра арратә комиссариат аҟны  днеит, уаантәи Краснодарҟа идәықәырҵеит. Хымз арратә ҽазыҟаҵарақәа ирхысит, раԥхьатәи дызлахәыз аидыслара Новороссииск азааигәара аҳабла Кабардинка иҟаз ауп. Иара далахәын 167-тәи ахысратә дивизиа иаҵанакуаз аполк. Адивизиа напхгара аиҭон Угриумов зыжәлаз Асовет Еидгыла афырхаҵа. Аполк ахьӡ-аԥша аман, иаҳа иахьшәарҭаз идәықәырҵон. Анемеццәа урҭ рзы иазгәарҭон: "Аелита ззырҳәо аурыс архәҭақәа ҳҿагылоуп, агыгшәыгқәа реиԥш еибашьуеит, узыриааиӡом!" – ҳәа. Краснодарынтәи саб дызлахәыз аполк амҩа хан Ростов, Харьков, Велики Новгород, Ленинград. Саб исзеиҭеиҳәахьан Ладожтәи аӡҭачы ала адесант андәықәырҵоз дыԥсырц акгьы шигамыз. Дара Финтәи аӡыбжьахала аганахь ахырӷәӷәарҭа ркын. Исзеиҭеиҳәон, аҵааршә аҟны убриаҟара ашьа ықәшын, иарӡыҭуан ҳәа. Ленинград ахьчаразы сабгьы аорден ианашьан 1945 шықәсазы. Убасгьы саб асовет ар дрыланы Европа атәылақәа афашизм аҟынтәи ахы иақәиҭыртәуан: Польша, Румыниа, Болгариа, Австриа, Чехославакиа. Аиааира амш даԥылеит Берлин агәаны. Даара деигәырӷьаны еиҭеиҳәон Аиааира апарад атәы. Ашҭа ду аҟны адивизиақәа ԥшьба еизганы амаршалцәа Жукови Рокосовскии апарад рыдыркылеит ҳәа еиҭеиҳәон. Ар "Ура!" ҳәа рыбжьы андыргоз аҩнеихагылақәа рԥенџьырқәа асаркьақәа ҭҟьаны икаҳауан. Саб аибашьра аҟынтәи 1966 шықәсазы дхынҳәит, избанзар аҳәаақәа иҵегьы идырхьчон. Уаҳа дызбаӡом ҳәа санду рыцҳа дыгәжәажәо аҩны дшыҩназ дааит саб. Уи ашьҭахь Мықә аколнхара ахантәаҩыс аус иуит, Тҟәарчал ашахтаҟны, Џьал асовнхараҟны. Иԥшәмаԥҳәыс Мери Џьынџьалԥҳаи иареи фҩык ахшара рааӡеит, 19-ҩык амоҭацәа ибеит. Саб иԥсҭазаара даналҵуаз 84 шықәса дырҭагылан", – лҳәеит Цикәтаниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0