Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цкәуаԥҳа: акоронавирус иахҟьаз ҳҽыԥхьакра еиҳагьы ҳаиднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акороновирус здырбалаз ачымазаҩцәа зыҩназ аҩнаҟны инхо Емма Цкәуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ҩымчыбжь ицоз акарантин аамҭа шырхыргоз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цкәуаԥҳа акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирызкны

"Ҳаҩнаҟны абыргцәа рацәаюны инхоит, уажәы идәылҵуа иҟоуп аҟнытә, амшын аԥшаҳәахьы ицаны рыԥсы ршьоит. Иуадаҩын даара асҟаамҭа аҩны атәара, ахәыҷқәа змазгьы гәаҟуан, аха афатә ҳагымхеит, алшара змаз зегьы ацхыраара ҳарҭон, иаҳҭахыз ҳзааргон. Ачымазара зыхьны иҟаз хаҵеи ԥҳәыси аҩны иҩнатәазароуп лаҵарамзы 4-нӡа. Дара рыҩнахьы ишәаны анхацәа неиӡом, аха есышьыжь иаауеит асанитартә маҵзураҟнытә арыцқьарақәа мҩаԥыргоит. Анхацәа зегьы срызҿлымҳауп, срыхәаԥшуеит, ргәабзиара шыҟоу еилыскаауеит, ари ачымазара иацыз ашәарҭара еиҳагы ҳаиднакылеит", - ҳәа азгәалҭеит Цкуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0